https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13556
Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Сукко имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль
Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Сукко имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Анапа араион Сукко ақыҭан ацентр "Смена" имҩаԥнагаз аурыс бызшәеи аурыс культуреи Жәларбжьаратәи... 13.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-13T13:43+0300
2025-11-13T13:43+0300
2025-11-13T14:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0d/1059017333_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_3155519543901399767e11cb1f4df8a9.jpg
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Анапа араион Сукко ақыҭан ацентр "Смена" имҩаԥнагаз аурыс бызшәеи аурыс культуреи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәыла, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Кыргызсҭан рҟынтәи ахәыҷқәеи дареи рԥышәа еимырдон, жәлар рнапҟазараз аҟазара-классқәеи амузыкатә қәгыларақәеи рхы рыладырхәит, иара убасгьы асессиа "Адунеи ахәыҷқәа" аҿы акультурабжьаратәи еинырра иазку апроектқәа ӡырыргеит.Афестиваль аихшьаала акәны иҟалеит аԥхьахә "Смена аҟны ажәа" ранашьара аусмҩаԥгатә, уа аԥсуа лахәылацәа рҟазаратә дыррақәа раарԥшразы алшара роуит.Ахәыҷтәы центр аҿы 80 инареиҳаны, зышьаҭала арҵаратә программақәа нарыгӡо, ахәыҷтәы рҵаратә лагерқәа фба ыҟоуп. Урыстәыла арегионқәеи аҳәаанырцә ааигәеи рҟынтәи 18 000 рҟынӡа ахәыҷқәа рхы аладырхәуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250721/asnyti-aatsa-urystylazegti-akhyty-tsentr-smena-aaaradyrrat-festival-ialakhyn-1056264799.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0d/1059017333_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_79344611e7c0fe1d042289e84830ad9e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Сукко имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль
13:43 13.11.2025 (ирҿыцуп: 14:36 13.11.2025) АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Анапа араион Сукко ақыҭан ацентр "Смена" имҩаԥнагаз аурыс бызшәеи аурыс культуреи Жәларбжьаратәи рфестиваль.
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәыла, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Кыргызсҭан рҟынтәи ахәыҷқәеи дареи рԥышәа еимырдон, жәлар рнапҟазараз аҟазара-классқәеи амузыкатә қәгыларақәеи рхы рыладырхәит, иара убасгьы асессиа "Адунеи ахәыҷқәа" аҿы акультурабжьаратәи еинырра иазку апроектқәа ӡырыргеит.
Афестиваль аихшьаала акәны иҟалеит аԥхьахә "Смена аҟны ажәа" ранашьара аусмҩаԥгатә, уа аԥсуа лахәылацәа рҟазаратә дыррақәа раарԥшразы алшара роуит.
"Аҿар рыбжьара акультура аларҵәара азеиԥшҵарадырра ҟазшьа мацара змоу зҵаараӡам. Уи, аҿар рхаҭаратә ҿиараҿы акыр зҵазкуа хәҭоуп, ахаҭара адагьы иааизакны атәыла зегьы азы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа аргылараҿы астратегиатә ҵакы амоуп", — ҳәа азгәеиҭеит "Смена" адиректор Игор Журавлиов.
Ахәыҷтәы центр аҿы 80 инареиҳаны, зышьаҭала арҵаратә программақәа нарыгӡо, ахәыҷтәы рҵаратә лагерқәа фба ыҟоуп. Урыстәыла арегионқәеи аҳәаанырцә ааигәеи рҟынтәи 18 000 рҟынӡа ахәыҷқәа рхы аладырхәуеит.