https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13584
Агрба: агәҩара ззыҟаз ауаа аанкыланы АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инагоуп
Агрба: агәҩара ззыҟаз ауаа аанкыланы АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инагоуп
Sputnik Аҧсны
Ахысра аҭыԥ ахьамаз ацәгьоура аарԥшуп. Иаанкылоу рхыԥхьаӡара азгәаҭаӡам. 14.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-14T13:32+0300
2025-11-14T13:32+0300
2025-11-14T14:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050294972_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_f30dc4f553a77eff8bee69d07dcc935c.jpg
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Агәҩара ззыҟаз ауаа иаха иаанкыланы АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҳәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.Агәҩара ззыҟоу руаӡәк Урыстәыла, Адлер дааныркылеит. Уи Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи еицымҩаԥаагаз аусура иалҵшәоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.Уажәазы уи Аԥснытәи аган дшарҭои арахь иаагареи рзы аӡбара рыдыркылоит."Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, ахылҟьа-ҿылҟьа дуны изхылҿиааз ацәгьоура инамаданы, ари аус ҷыдала ахылаԥшрала амҩаԥгара ахәҭоуп. Иҳаҩсыз аҩымш рыҩнуҵҟа ишыҟасҵоз еиԥш, хаҭала сара уи сахылаԥшуеит. Аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, еизгоу аинформациазы иаарласны адырра сышәҭаларазы аҳәара ҟасҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.Абҵара 11 рзы Аҟәа Гәыматәи амҩаду аҟны аиҿахысра ҟалеит. Уи иахҟьаны хәҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә аӡәы ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
https://sputnik-abkhazia.info/20251113/1059040222.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050294972_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_f6eb9d7c948dbbe81a9dbbf6b3ae8d60.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Агрба: агәҩара ззыҟаз ауаа аанкыланы АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инагоуп
13:32 14.11.2025 (ирҿыцуп: 14:04 14.11.2025) Ахысра аҭыԥ ахьамаз ацәгьоура аарԥшуп. Иаанкылоу рхыԥхьаӡара азгәаҭаӡам.
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Агәҩара ззыҟаз ауаа иаха иаанкыланы АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҳәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Агәҩара ззыҟоу руаӡәк Урыстәыла, Адлер дааныркылеит. Уи Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи еицымҩаԥаагаз аусура иалҵшәоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.
Уажәазы уи Аԥснытәи аган дшарҭои арахь иаагареи рзы аӡбара рыдыркылоит.
"Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, ахылҟьа-ҿылҟьа дуны изхылҿиааз ацәгьоура инамаданы, ари аус ҷыдала ахылаԥшрала амҩаԥгара ахәҭоуп. Иҳаҩсыз аҩымш рыҩнуҵҟа ишыҟасҵоз еиԥш, хаҭала сара уи сахылаԥшуеит. Аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, еизгоу аинформациазы иаарласны адырра сышәҭаларазы аҳәара ҟасҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Абҵара 11 рзы Аҟәа Гәыматәи амҩаду аҟны аиҿахысра ҟалеит. Уи иахҟьаны хәҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә аӡәы ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.