https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13592
Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу
Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу, арахь жьҭаара 1 аахыс ауааԥсыра рҟынтәи 1000 инареиҳаны... 14.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-14T18:03+0300
2025-11-14T18:03+0300
2025-11-14T18:31+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/06/1040092261_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_9b6bdf5374e1dc7acbc421577a65d56e.jpg
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу, арахь жьҭаара 1 аахыс ауааԥсыра рҟынтәи 1000 инареиҳаны азыҳәарақәа ааихьеит ҳәа азгәеиҭеит апалата аиҳабы Ҭемыр Сангәлиа."Ҳара иҳалымшеит џьоукы ирҭахыз ашәҟәбӷьыцқәа рыҭара, избанзар абҵарамза 1 аҟынӡа архивтә материалқәа ҳамамызт. Уи роура шалыршахаз еиԥшҵәҟьа, алҩаақәа рыҭара ҳалагеит: 130 инареиҳаны ираҳҭахьеит, 50 инареиҳаны адгьыл иадҳәалоу ашәҟәбӷьыцқәа мазеиуп", — ҳәа иҳәеит Сангәлиа агазеҭ "Ареспублика Аԥсны" иеиҭаз аинтервиу аҿы.Иахьа Акадастртә палата акадастртә малеиҭамҵ азы автоматизациа зызуу аинформациатә система аԥҵаразы аусура мҩаԥнагоит, аҭыӡҭатә шәҟәынҵа ашәҟәҭагалара мҩаԥнагоит. Амалеиҭамҵ аргыларақәа рышәҟәҭагалара ркадастртә хәшьареи 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп."Акадастртә хәҭа атәы ҳҳәозар, ҳара иаԥаҳҵеит архив, Атехникатә шәҟҭагаларатә биуро (АШәБ) аматериалқәеи азиншьақәыргыларатә шәҟәбӷьыцқәеи рыла. Аԥсны иахьаҵанакуа аҭыԥқәа, араионқәа зегьы рҟынтәи ахсаалақәа еизаҳгеит – 2500 инареиҳаны. АШәБ апланқәа, адгьылҭыԥтәқәа, атопографиатәқәа, арратә планқәа, асхемақәа", — иҳәеит ачынуаҩ.Сангәлиа иажәақәа рыла, урыстәылатәи рколлегацәа аметодикеи, аусзуҩцәа разыҟаҵареи, акартографиа арҿыцреи рҿы ацхыраара ҟарҵоит, аерофотоҭыхра ҿыцқәа рымҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20251014/aluash-eiamua-amal-akadastr-azy-azakan-akhaa-aieit-1058301973.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/06/1040092261_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_b45c2a1d4fe9ce0d9f0953d0c19be66a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу
18:03 14.11.2025 (ирҿыцуп: 18:31 14.11.2025) АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны Акадастртә палата ашәҟәҭаҩгаҩцәа рыштат абжак ауп еидкылоу, арахь жьҭаара 1 аахыс ауааԥсыра рҟынтәи 1000 инареиҳаны азыҳәарақәа ааихьеит ҳәа азгәеиҭеит апалата аиҳабы Ҭемыр Сангәлиа.
"Ҳара иҳалымшеит џьоукы ирҭахыз ашәҟәбӷьыцқәа рыҭара, избанзар абҵарамза 1 аҟынӡа архивтә материалқәа ҳамамызт. Уи роура шалыршахаз еиԥшҵәҟьа, алҩаақәа рыҭара ҳалагеит: 130 инареиҳаны ираҳҭахьеит, 50 инареиҳаны адгьыл иадҳәалоу ашәҟәбӷьыцқәа мазеиуп", — ҳәа иҳәеит Сангәлиа агазеҭ "Ареспублика Аԥсны" иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Иахьа Акадастртә палата акадастртә малеиҭамҵ азы автоматизациа зызуу аинформациатә система аԥҵаразы аусура мҩаԥнагоит, аҭыӡҭатә шәҟәынҵа ашәҟәҭагалара мҩаԥнагоит. Амалеиҭамҵ аргыларақәа рышәҟәҭагалара ркадастртә хәшьареи 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп.
"Акадастртә хәҭа атәы ҳҳәозар, ҳара иаԥаҳҵеит архив, Атехникатә шәҟҭагаларатә биуро (АШәБ) аматериалқәеи азиншьақәыргыларатә шәҟәбӷьыцқәеи рыла. Аԥсны иахьаҵанакуа аҭыԥқәа, араионқәа зегьы рҟынтәи ахсаалақәа еизаҳгеит – 2500 инареиҳаны. АШәБ апланқәа, адгьылҭыԥтәқәа, атопографиатәқәа, арратә планқәа, асхемақәа", — иҳәеит ачынуаҩ.
Сангәлиа иажәақәа рыла, урыстәылатәи рколлегацәа аметодикеи, аусзуҩцәа разыҟаҵареи, акартографиа арҿыцреи рҿы ацхыраара ҟарҵоит, аерофотоҭыхра ҿыцқәа рымҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны.