https://sputnik-abkhazia.info/20251114/1059065972.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ноиабр 11 рзы Аҟәа иҟалаз ацәгьоура инамаданы Агәҩара ззыҟаз ауаа аанкылан АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҳәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Апрокурор... 14.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-14T18:01+0300
2025-11-14T18:01+0300
2025-11-14T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0e/1059065806_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_bc22a42694e1c4821428dff48ea5505a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ноиабр 11 рзы Аҟәа иҟалаз ацәгьоура инамаданы Агәҩара ззыҟаз ауаа аанкылан АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҳәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.Иара иажәақәа рыла, ахысра аҭыԥ ахьамаз ацәгьоура аарԥшуп уҳәар ауеит. Иаанкылоу рхыԥхьаӡара азгәаҭаӡам.Агәҩара ззыҟаз руаӡәк Урыстәыла, Адлер дааныркылеит. Уи Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи еицымҩаԥаагаз аусура иалҵшәоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.Уажәазы уи Аԥснытәи аган дшарҭо уи арахь иаагареи рзы аӡбара рыдыркылоит
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд сынтәа 1230-ҩык ацхыраараз иадҵаалеит, ари ахыԥхьаӡара ҵыԥхтәи аасҭа 145-ҩык рыла еиҳауп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы афонд ахантәаҩы Емзар Ашәуа."Ҳара иҳадҵаало ачымазцәа аӡәгьы мап рцәаҳамкӡацт, макьаназ ҳзибархо ҳааиуеит. 1200-ҩык инареиҳаны иҳадҵаалаз рҟынтәи 500-ҩык иреиҳауп Урыстәылаҟа иаҳашьҭыз", — ҳәа иҳәеит иара.Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд асоциалтә программақәа рынагӡаразы иазоужьзарц 301 млн 231 нызқь маааҭ.
Есышықәсатәи абжьбатәи амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи рфестиваль "Амшен" мҩаԥган Аракьыҽы ақыҭан.Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны амилаҭтә чысқәа ргьама абара, абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа артистцәеи арҿиаратә гәыԥқәеи рықәгыларақәа мҩаԥысит ."Ҳара ҳатрадициақәа ҳрықәныҟәоит. Акәашарақәеи ашәаҳәарақәеи, амилаҭтә чыс хаақәеи, амшенаа рҭоурыхи ркультуреи зныԥшуа астендқәа азырхианОчамчыра араион ахада Алхас Кациа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.Афестиваль мҩаԥысуан ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥш" адгыларала.
"Амедиа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхықәкқәа рынагӡараҿы ицхыраагӡоуп".Москва ихыркәшахеит арҵаратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ахԥатәи амодуль.Аԥснынтәи апрограмма алахәыла, актиор, арежиссиор Ҭимур Ҭаниа Аахыҵ Уаԥстәыла дшазыҟоуи, ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҩ-республикак рзы ирымоу аҵак дуи ртәы далацәажәеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ахаҭарнак, Апарламент аусзуҩ Елена Кулумбегова данлыҿцәажәоз.
Ноиабр 11 рзы Аҟәа иҟалаз ацәгьоура инамаданы Агәҩара ззыҟаз ауаа аанкылан АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҳәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба.Иара иажәақәа рыла, ахысра аҭыԥ ахьамаз ацәгьоура аарԥшуп уҳәар ауеит. Иаанкылоу рхыԥхьаӡара азгәаҭаӡам.Агәҩара ззыҟаз руаӡәк Урыстәыла, Адлер дааныркылеит. Уи Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи еицымҩаԥаагаз аусура иалҵшәоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.Уажәазы уи Аԥснытәи аган дшарҭо уи арахь иаагареи рзы аӡбара рыдыркылоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд сынтәа 1230-ҩык ацхыраараз иадҵаалеит, ари ахыԥхьаӡара ҵыԥхтәи аасҭа 145-ҩык рыла еиҳауп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы афонд ахантәаҩы Емзар Ашәуа."Ҳара иҳадҵаало ачымазцәа аӡәгьы мап рцәаҳамкӡацт, макьаназ ҳзибархо ҳааиуеит. 1200-ҩык инареиҳаны иҳадҵаалаз рҟынтәи 500-ҩык иреиҳауп Урыстәылаҟа иаҳашьҭыз", — ҳәа иҳәеит иара.Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд асоциалтә программақәа рынагӡаразы иазоужьзарц 301 млн 231 нызқь маааҭ. Есышықәсатәи абжьбатәи амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи рфестиваль "Амшен" мҩаԥган Аракьыҽы ақыҭан.Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны амилаҭтә чысқәа ргьама абара, абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа артистцәеи арҿиаратә гәыԥқәеи рықәгыларақәа мҩаԥысит ."Ҳара ҳатрадициақәа ҳрықәныҟәоит. Акәашарақәеи ашәаҳәарақәеи, амилаҭтә чыс хаақәеи, амшенаа рҭоурыхи ркультуреи зныԥшуа астендқәа азырхианОчамчыра араион ахада Алхас Кациа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.Афестиваль мҩаԥысуан ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥш" адгыларала. "Амедиа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхықәкқәа рынагӡараҿы ицхыраагӡоуп".Москва ихыркәшахеит арҵаратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ахԥатәи амодуль.Аԥснынтәи апрограмма алахәыла, актиор, арежиссиор Ҭимур Ҭаниа Аахыҵ Уаԥстәыла дшазыҟоуи, ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҩ-республикак рзы ирымоу аҵак дуи ртәы далацәажәеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ахаҭарнак, Апарламент аусзуҩ Елена Кулумбегова данлыҿцәажәоз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0e/1059065806_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c2913888896339f0bc9c4244258feee6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио