https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13596
Олег Барцыц Италиа иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны АдәАР амедал ианеишьеит
Олег Барцыц Италиа иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны АдәАР амедал ианеишьеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Олег Барцыц Италиа иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедал ианеишьеит. 14.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-14T19:16+0300
2025-11-14T19:16+0300
2025-11-14T21:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0e/1059069667_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_704edde3387cb69ffda903094ad1d4d6.jpg
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Олег Барцыц Италиа иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедал ианеишьеит. Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гриттани 2016 шықәса аахыс имҩаԥиго аусқәа Аԥсны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, аҳәаанырцә, ҷыдала Европа ареспублика ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи ишазкыз. Ҷыдала иазгәеиҭеит Бари ақалақь аҿы Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакра аартра. Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит, адипломатиатә хаҭарнакра адипломатиатә усқәа рфункциақәа шынанагӡо, аполитикатә мчрақәеи дареи аизыҟазаашьақәа шышьақәнаргыло, ареспублика атәылауаа рыцхыраарала аконсултә уснагӡатәқәа шынагӡо. "Ҳара ҳусураҿы имариоу, хра злоу апринципқәа ҳхы иаҳархәоит. Ҳара ҳазхиоуп ҳгәаанагара, ҳпозициа иахьрыдыркыло зехьынџьара ирызнаҳгоит. Ҳгәы иаанагоит, ҳпозициа ӷәӷәала аарԥшра акырӡа аҵанакуеит ҳәа", — ҳәа иҳәеит Барцыц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0e/1059069667_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_190fc4236e7c7ceb25b9c033e590aeb1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Олег Барцыц Италиа иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедал ианеишьеит.
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гриттани 2016 шықәса аахыс имҩаԥиго аусқәа Аԥсны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, аҳәаанырцә, ҷыдала Европа ареспублика ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи ишазкыз.
Ҷыдала иазгәеиҭеит Бари ақалақь аҿы Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакра аартра.
Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит, адипломатиатә хаҭарнакра адипломатиатә усқәа рфункциақәа шынанагӡо, аполитикатә мчрақәеи дареи аизыҟазаашьақәа шышьақәнаргыло, ареспублика атәылауаа рыцхыраарала аконсултә уснагӡатәқәа шынагӡо.
"Ҳара ҳусураҿы имариоу, хра злоу апринципқәа ҳхы иаҳархәоит. Ҳара ҳазхиоуп ҳгәаанагара, ҳпозициа иахьрыдыркыло зехьынџьара ирызнаҳгоит. Ҳгәы иаанагоит, ҳпозициа ӷәӷәала аарԥшра акырӡа аҵанакуеит ҳәа", — ҳәа иҳәеит Барцыц.