https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13696
Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа аҿагыларазы есышықәса жәа-миллион мааҭ азоужьҭхоит
Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа аҿагыларазы есышықәса жәа-миллион мааҭ азоужьҭхоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа аҿагыларазы есышықәса жәа-миллион мааҭ азоужьҭхоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр... 19.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-19T13:37+0300
2025-11-19T13:37+0300
2025-11-19T14:33+0300
sputnik аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/0e/1051986813_0:651:2048:1803_1920x0_80_0_0_bd28bd3ff5c6baf5e94ee8b6ed6f6188.jpg
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа аҿагыларазы есышықәса жәа-миллион мааҭ азоужьҭхоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгаз аилатәараҿы.Иахәҭоу ахимиатә маҭәашьарқәа ареспублика араионқәа зегьы рахь еихыршоит, ақыҭауаа аҭыԥантәи ахадарақәа рҿы хәыда-ԥсада ироур рылшоит ҳәа азгәеиҭеит иара.Убри аан, анхацәа иахәҭоу адырра рымам, ахимиатә маҭәашьарқәа хәыда-ԥсада ишроуа ззымдыруа рацәаҩуп иҳәеит аминистр.Иара иажәақәа рыла, ахимиатә маҭәашьарқәа араионқәа рыбжьара еихыршоит ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рхыԥхьаӡара амҽхак иаҿырԥшны.Иара убас, Џьопуа иҳәеит "Ақыҭанхамҩа аҿиара" апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа аҳәынҭқарратә комиссиа ишеихнашало.Акомиссиа иалахәуп Афинансқәа рминистрреи, Аминистрцәа реилазаареи, Апарламенти егьырҭ аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа. Џьопуа иажәақәа рыла, араионқәа рыбжьара аихшара алахәылацәа рактивра иадҳәалоуп: еиҳаны апроектқәа роуеит адгьылтә баланс ду змоу, ақыҭанхамҩатә лшара аҿиара змоуи араионқәа рҟынтәи. Апрограммала аԥара напынҵала азыҳәаҩцәа ирырҭаӡом ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Апроект анагӡаразы иаҭаху зегьы — аиқәыршәагақәа, аргыларатә усқәа, амаҵзурақәа — аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы азакәан инақәыршәаны ирырҭоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20251119/1059147342.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/0e/1051986813_0:459:2048:1995_1920x0_80_0_0_dde92384c0dfd27f7af92c8b91309bd6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа аҿагыларазы есышықәса жәа-миллион мааҭ азоужьҭхоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгаз аилатәараҿы.
Иахәҭоу ахимиатә маҭәашьарқәа ареспублика араионқәа зегьы рахь еихыршоит, ақыҭауаа аҭыԥантәи ахадарақәа рҿы хәыда-ԥсада ироур рылшоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ақыҭанхамҩа аминистрра иазхаша ахәшәқәа амоуп. Иахьазы аминистрра аҵәахырҭаҿы иазхаша аасҭа ахәшәқәа шьҭоуп, зынӡа ҳазқәымгәыӷуа ҭагылазаашьақәак ҟалар, урҭ ҳхы иаҳархәар ҳалшоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьопуа.
Убри аан, анхацәа иахәҭоу адырра рымам, ахимиатә маҭәашьарқәа хәыда-ԥсада ишроуа ззымдыруа рацәаҩуп иҳәеит аминистр.
Иара иажәақәа рыла, ахимиатә маҭәашьарқәа араионқәа рыбжьара еихыршоит ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рхыԥхьаӡара амҽхак иаҿырԥшны.
Иара убас, Џьопуа иҳәеит "Ақыҭанхамҩа аҿиара" апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа аҳәынҭқарратә комиссиа ишеихнашало.
Акомиссиа иалахәуп Афинансқәа рминистрреи, Аминистрцәа реилазаареи, Апарламенти егьырҭ аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Џьопуа иажәақәа рыла, араионқәа рыбжьара аихшара алахәылацәа рактивра иадҳәалоуп: еиҳаны апроектқәа роуеит адгьылтә баланс ду змоу, ақыҭанхамҩатә лшара аҿиара змоуи араионқәа рҟынтәи.
Апрограммала аԥара напынҵала азыҳәаҩцәа ирырҭаӡом ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Апроект анагӡаразы иаҭаху зегьы — аиқәыршәагақәа, аргыларатә усқәа, амаҵзурақәа — аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы азакәан инақәыршәаны ирырҭоит.