https://sputnik-abkhazia.info/20251119/urystyla-ukrainati-arra-aaglykhrat-kompleksa-aakt-aakha-rynaeit-1059159323.html
Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит
Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра. 19.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-19T17:00+0300
2025-11-19T17:00+0300
2025-11-19T19:20+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/1a/1054625932_0:154:2949:1812_1920x0_80_0_0_7e3de4ab3deec879231cff74ac79f39a.jpg
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.Урыстәыла, Украина аграждантә ргыларақәа рганахь ала иҟанаҵаз атеррористтә жәылара аҭакс, иахьа ашьыжь аракета "Кинжал", ажәыларатә БпЛАқәа реиԥш иҟоу ахара ицо, икылкааны ихысуа абџьарқәа рыла Украина ААК-и аенергетикеи рыргыларақәа иара убасгьы мраҭашәаратәи аобластқәа рҿы ахара иԥыруа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҵәахырҭақәа ааха рнаҭеит. Аоператив-тактикатә авиациа, ажәыларатә БпЛАқәа, аракетатә армчқәа, артиллериа еилаԥырыххааит аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа MLRS рҭырҟьага шьақәгылақәа ҩба, аенергетикатәи аихамҩатәи инфраструктуратә ргыларақәа, 144 раион рҿы украинатәи аруааи қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуааи аамҭалатәи ргыларҭаҭыԥқәа. Аҳауахьчаратә системақәа аоперациа-тактикатә ракетақәа ATACMS ԥшьба карыжьит, амҩақәҵара змоу аҳауатә бомбақәа быжьба, аҳаирпланҟазшьа змоу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 93. Амшын еиқәа афлот аекипаж змам Украинатәи Арбџьармчқәа рыӷба маҷқәа ҩба ықәнагеит. Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 668 ҳаирплан, 283 вертаиот, 97 396 дрон, 636 аҳаиртә хьчаратә системақәа, 26 106 атанкқәеи акәылӡеибашьыгатә машьынақәа, 31 398 артиллериатә хысгақәеи аминаршәгақәеи, 47 101 ак иҷыдоу аибашьыгатә автомобилтә техника.
https://sputnik-abkhazia.info/20251119/1059144141.html
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/1a/1054625932_164:0:2784:1965_1920x0_80_0_0_165744aa670afee88e51b77a7cd275b5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит
17:00 19.11.2025 (ирҿыцуп: 19:20 19.11.2025) АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла Украинатәи арра-ааглыхратә комплексқәа аҭактә ааха рынаҭеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла, Украина аграждантә ргыларақәа рганахь ала иҟанаҵаз атеррористтә жәылара аҭакс, иахьа ашьыжь аракета "Кинжал", ажәыларатә БпЛАқәа реиԥш иҟоу ахара ицо, икылкааны ихысуа абџьарқәа рыла Украина ААК-и аенергетикеи рыргыларақәа иара убасгьы мраҭашәаратәи аобластқәа рҿы ахара иԥыруа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҵәахырҭақәа ааха рнаҭеит.
Аоператив-тактикатә авиациа, ажәыларатә БпЛАқәа, аракетатә армчқәа, артиллериа еилаԥырыххааит аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа MLRS рҭырҟьага шьақәгылақәа ҩба, аенергетикатәи аихамҩатәи инфраструктуратә ргыларақәа, 144 раион рҿы украинатәи аруааи қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуааи аамҭалатәи ргыларҭаҭыԥқәа.
Аҳауахьчаратә системақәа аоперациа-тактикатә ракетақәа ATACMS ԥшьба карыжьит, амҩақәҵара змоу аҳауатә бомбақәа быжьба, аҳаирпланҟазшьа змоу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 93. Амшын еиқәа афлот аекипаж змам Украинатәи Арбџьармчқәа рыӷба маҷқәа ҩба ықәнагеит.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 668 ҳаирплан, 283 вертаиот, 97 396 дрон, 636 аҳаиртә хьчаратә системақәа, 26 106 атанкқәеи акәылӡеибашьыгатә машьынақәа, 31 398 артиллериатә хысгақәеи аминаршәгақәеи, 47 101 ак иҷыдоу аибашьыгатә автомобилтә техника.