https://sputnik-abkhazia.info/20251125/urystylati-aruaa-dzhr-ay-ivanopolie-akhy-iaiyrtit--1059295029.html
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. 25.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-25T17:10+0300
2025-11-25T17:10+0300
2025-11-25T17:29+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057551345_0:91:2266:1365_1920x0_80_0_0_23333c580222a6839118232332f57a19.jpg
Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Иаха, Украинатәи Арбџьармчқәа урыстәылатәи аграждантә хыбрақәа рыжәлара аҭакс ааха ӷәӷәа рыҭан украинатәи арратә-индустриалтә комплексқәа, аенергетикатә ҭыԥқәа, адронқәа рыҵәахырҭақәа уҳәа реиԥш иҟоу.Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, ажәыларатә БпЛА-қәеи, аракетатә армчқәеи, артиллериеи ааха рырҭеит украинатәи абџьармчқәа рхы иадырхәоз атранспорттәи абаӷәазатәи инфраструктурақәа. Иара убас, 151 раион рҿы украинатәи аруааи аҳәаанырцәтәи қьырала еибашьуази аамҭалатәи рҭыԥқәа ааха рыҭоуп.Аҳаирхыхьчаратә системақәа икарыжьит амҩақәҵаратә авиабомба, ахара ихысуа "Нептун" аракетақәа ԥшьба, украинатәи адронқәа 419.Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 668 ҳаирплан, 283 вертолиот, 98 697 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 638 ЗРК, 26 247 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 1 620 аибашьыгатә машьынақәа, 31 538 адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи, 47 635 ак аибашьыга автомобилтә техника ҷыда.
https://sputnik-abkhazia.info/20251125/1059276656.html
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0f/1057551345_37:0:2009:1479_1920x0_80_0_0_41920b905e314edd7e71715b8e9792c4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит
17:10 25.11.2025 (ирҿыцуп: 17:29 25.11.2025) Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы Иванополие ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭаҿы иара убас адырра ҟарҵеит Урыстәылатәи Арбџьармчқәа иҷыдоу арратә операциаҿы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рзы.
Иаха, Украинатәи Арбџьармчқәа урыстәылатәи аграждантә хыбрақәа рыжәлара аҭакс ааха ӷәӷәа рыҭан украинатәи арратә-индустриалтә комплексқәа, аенергетикатә ҭыԥқәа, адронқәа рыҵәахырҭақәа уҳәа реиԥш иҟоу.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, ажәыларатә БпЛА-қәеи, аракетатә армчқәеи, артиллериеи ааха рырҭеит украинатәи абџьармчқәа рхы иадырхәоз атранспорттәи абаӷәазатәи инфраструктурақәа. Иара убас, 151 раион рҿы украинатәи аруааи аҳәаанырцәтәи қьырала еибашьуази аамҭалатәи рҭыԥқәа ааха рыҭоуп.
Аҳаирхыхьчаратә системақәа икарыжьит амҩақәҵаратә авиабомба, ахара ихысуа "Нептун" аракетақәа ԥшьба, украинатәи адронқәа 419.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 668 ҳаирплан, 283 вертолиот, 98 697 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 638 ЗРК, 26 247 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 1 620 аибашьыгатә машьынақәа, 31 538 адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи, 47 635 ак аибашьыга автомобилтә техника ҷыда.