Габуниаԥҳа: амандарина афестиваль Аԥсны ажьырныҳәамза 6 - 10 рзы имҩаԥыслоит
20:37 28.11.2025 (ирҿыцуп: 23:02 28.11.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Амандарина афестиваль Аԥсны ажьырныҳәамза 6 - 10 рзы имҩаԥыслоит ҳәа Sputnik адырра алҭеит аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа.
Апрограмма иаҵанакуеит Қьырсаныҳәазтәи ацәыргақәҵа, амандарина баҳчахь аекскурсиақәа, аконцертқәа, аицлабрақәа, аԥсуареи ақыҭанхамҩеи ирызку алекциақәа.
"Афестиваль ихадоу аҳәамҭа Аԥсны акультуратә малқәа рырӷәӷәареи адгылара рыҭареи роуп", — ҳәа иазгәалҭеит Габуниа.
Афестиваль амҩаԥгара аҭыԥ хада — Аҟәа ауп. Аԥсуа театр ашҭаҿы амандарина иалху аԥсаӡ дыргылоит. Уаҟа имҩаԥысуеит апрограмма иахәҭаку аконцертгьы.
Акультура-усутә платформа Гәыма аҿы алекциақәеи Қьырсаныҳәазтәи ацәыргақәҵеи мҩаԥгахоит.
Афестиваль агастрономиатә хәҭа Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит. Аиҿкааҩцәа уа арекорд шьақәдыргыларц ргәы иҭоуп.
Иара убас, афестиваль аҿы адизаинерцәа ҿарацәа рыбжьара иреиӷьу амилаҭтә маҭәазы аицлабра мҩаԥгахоит.
"Амандарина" аҩбатәи ҭыԥны иазыҟалоит Тҟәарчал, уаҟа аԥсуа артистцәа амилаҭтә стиль змоу аграффити-проект "Аиҭаира" нарыгӡоит.