"Ахьшәашәара уацәызыхьчо": ацитрус шәырқәа рхәарҭареи рхархәареи

© Sputnik / Алексей Куденко
/ Анапаҵаҩра
Аԥсны изызҳауа ацитрус шәырқәа рхәарҭареи рхархәареи ирызкны аматериал ҳзеидылкылеит ажурналист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ашьақарҵәа уаркалеиуеит,
Амандаринақәа зазоит,
Афҩы ирхылҵуа уа илеиҩеиуеит,
Игәыҟаҵаган иҟалоит.
Баграт Шьынқәба
Аӡынра ушәхымс ианаалагылак, маҷ-маҷ амра гәыкы ахаҿы аԥҭақәа ианхырҩо аамҭазы ауаҩы игәабзиара арӷәӷәара дазҿлымҳахоит. Агәабзиара "еилшәара амамкәа", иааигәахо ахьшәашәарақәа рҽырцәыхьчаразы цхыраара руеит ацитрус шәырқәа.
Ацитрус шәырқәа: амандарина, алимон, апатырқал (азгә. "апельсин") авитамин С рацәаны иахьрыло азы ауаҩы ииммунитен дырӷәӷәоит. Иара убасгьы ацитрусқәа ацәеижьи аҟәартәрақәеи ирзеиӷьуп, агәи анервтә системеи рзы ибзиоуп, афатә арсара иахраауеит.
Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ацитрус шәырқәа џьынџьла иладатәқәоуп, аԥхарра ахьыҟоу атәылақәа рҟынтә иаагоуп. Дара ҳаԥсадгьыл ианааланы ирызҳаит, иҿиеит. Арҭ аҵиаақәа аамҭакьаҿк ала имҩасуа ахьҭа рычҳауеит, аха аҵаақәа рыҽдырӷәӷәар, ирԥырхагахоит.
Аԥсны ирааӡо ашәырқәа рахьтә ацитрусқәа рбыӷьқәа карԥсаӡом, иара убасгьы рбыӷьқәа ирылоуп ахьҭацәгьа аныҟоу лассы иҵааршәхо алимонтә ҵәыҵәыра. Аӡы ахьықәтәо адгьылқәа рҿы игылоу амандарина, алимон, апатырқал ҵлақәа хҩаар рылшоит. Уи зыхҟьо аҵиаа адацқәа аӡы илаҵаауеит, аҳауа роуӡом, ихәаҽуеит. Ацитрусқәа аӡқәа ахьамам, иахьбарроу аҭыԥқәа рҿы ианеиҭаҳау аҽаҩра бзиа урҭоит.
Ацитрус шәырқәа жәлар рмедицинаҿы
Ацитрус шәырқәа акыр ҵуеит рыхәшәтәратә ҟазшьақәа рзы ажәлар ҳаҭыр рықәырҵоижьҭеи. Ирылоу ахәарҭара ҳасаб азуны еиуеиԥшым ахәшәқәа рылырхуан. Ҳрызхьаԥшып урҭ:
Ахәдахьааи ахәдашәреи иаргәамҵуа рзы иахьа уажәраанӡагьы ицхыраагӡоуп ачаи ԥха алимони ацхеи аҭаны.
Аԥсеибакра (анерв) иахәшәны иҟарҵоит: ажь рҩа, акакан, атама рҩа, лимонк ацәа еилаҵаны, акылхга икылхны иазгаша ацха арҭоит. Аиҵаҟәаҟәа архьшәашәага иҭаргылатәуп. Есшьыжьы акрыфаранӡа, мҳаҵә дук азна ыфатәуп. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Амандарина иалҵуа асок ужәлар-афатә арсара иацхраауеит.
Абаҩ аҟәартәрақәа ирыхәшәуп: амандарина ацәа ахыхны, ирссаны иххтәуп, ашьхарыжь абӷьқәа бзианы иӡәӡәаны, ирбаны, ирссаны иххны – мҳаҵәк ҟаларатәы. Нас аҩбагьы еилаҵаны, еиларҩынтны, ҵәыцак аӡыршы рхауҭәоит, жәаба-жәохә минуҭ иқәыргылатәуп, акруфаанӡа ижәлатәуп мышкы хынтә, аҵәца хыџьара ишаны. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Ахыхь анузцәырҵлак, уи аихсыӷьразы алимон ацәа ахыхны, наҟ-ааҟ уаргәҵысҭа иадкыланы иукуеит.
Агәыхь иаргәамҵуа изы: жәа-хык аџышцыра рыцқьаны, иссаны иххтәуп, жәа-хык алимон аӡы алхны, литра азна лаҵарамзазтәи ацха еилаҵаны абанка иҭаҵатәуп. Мчыбжьык ҭыԥ лашьцак аҿы иргылатәуп. Амчыбжь анҵлак, шьжьымҭан акруфаанӡа, минуҭк-минуҭк бжьаҵаны, умыццакӡакәа, ибзианы иҟаҟаны иуфоит. Мышкы ԥшь-чаимҳаҵәк ыфатәуп. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Ҵәыцак ацхаҿы лимонк аӡы алаҭәаны, ибзианы еилырхны, нас ирфон. Ари ахәшә аимҳәа ахәшәтәра иатәуп.
Агәабзиара арӷәӷәаразы иргон: ҵәыцак акакан, хԥа-ԥшьба лимон, хышә-хәышә грамм ажьи атама рҩеи рссаны иххтәуп, хԥа-ԥшьба мҳаҵә ацха аҭаны еилырхтәуп. Есшьыжьы акрымфаӡакәа, мҳаҵә дук азна ыфатәуп. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").



