Ашәҟәыҩҩы ду, аредактор ӷәӷәа: Алықьса Џьениа игәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Анапаҵаҩра
Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа, сынтәа ажурнал "Алашара" 70 шықәса ахыҵра инамаданы, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан уаҟа редакторцәа хадақәас аус зуаз еицырдыруа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рзы, дара аус рыцызуази, рҩызцәа ашәҟәыҩҩцәеи акритикцәеи урҭ рзы ирыҩхьаз рлитературатә статиақәеи ргәалашәарақәеи рҟынтәи ацыԥҵәахақәа шәыдаагалоит. Уи даара акраанагоит ҳжурнал уаанӡатәи аредакторцәа шәҟәыҩҩцәақәак, интеллигентцәақәак раҳасабала, ҳаԥсуа ԥхьаҩы инарҭбааны игәалашәараҿы рааныжьразы.
Иахьатәи ҳастатиа изкуп ажурнал "Алашараҿы" 1975-1978 шықәсқәа рзы редактор хадас аус зуаз, 130-ҩык ҳаԥсуа интеллигенциа рнапы зҵаҩыз "Аԥсуа шәҟәы" инапы ахьаҵеиҩыз азы ажурнал "Алашараҿы" аредакторра хадара аҟынтәи зусурагьы иамырхыз, лахь иҭаны апартиагьы иалырцаз, ҳапрозаик ду Алықьса Камыгә-иԥа Џьениа. Ҳара иаҳҭахуп, ҳаԥхьаҩ игәаанагараҿы, игәалашәараҿы асеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ажурнал "Алашара" ишахагылаз, аџьабаа ду шырбаз, убри инаԥшьны рыжәларгьы рхьаақәа есымша ишрыцеиҩыршоз, иахьаҭахыз, ианаҭахыз аамҭазы ажәагьы шырҳәоз, раԥхьагьы ишгылаз рдыруазарц.

Алықьса Џьонуа
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Абра иаазыркьаҿӡаны салацәажәоит ҳаԥхьаҩ даҽазнык игәаласыршәарц азы ҳапрозаик ду Алықьса Џьениа инысымҩа:
Алықьса Џьениа аҵара иҵон иқыҭантәи Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аҿы. Уи даналга, 1949 шықәсазы иҩызцәа гәыԥҩык дрыцны дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. Абраҟа аҵара аниҵоз ҽышәала ихы алаирхәуан Қарҭ аҵара зҵоз аҿар рзы уаҟа иеиҿкааз алитература-ҿиаратә кружок аусура.
Уи ашьҭахь еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы жәпаџьара еиуеиԥшым амаҵурақәа дырхагылан акьыԥхьтәи арҿиаратәи усурҭақәа рҿы: ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр алитературатә ҟәша аиҳабыс, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредактор хадас, ашәҟәабзиабаҩцәа Аԥснытәи агәыԥ анапхгаҩыс. Убарҭ иусурақәа инарыбжьаршәны 1972-1975 шықәсқәа рзы дрылгеит СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт иатәу Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа.
Абраҟа инаҵшьны даҽазныкгьы иазгәаҳҭоит, ирҿиаратәи иҳәынҭқарратәи усурақәа инарываргыланы Алықьса Џьениа иԥсҭазаараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа активла дшалахәыз аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥара, уи азыҳәан ахынҭаҩынҭарақәагьы имаҷымкәа дрықәшәахьан.
Гәыхьра дула иазгәаҭатәуп, инарылукааша ҳаԥсуа прозаикцәа дуқәа Алықьса Гогәуеи Џьума Аҳәбеи рабиԥара иатәыз, Алықьса Џьениа машәырла дышҭахаз 1998 шықәсазы.
Абраҟа иааҳгоит иреиӷьу ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳакритикцәеи Алықьса Џьениа изы ргәалашәарақәеи, рыкритикатә статиақәеи рцыԥҵәахақәа:
Шоҭа Салаҟаиа:
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа ихадоу зеиԥш цәаҩас ирымоу, урҭ зегьы, шамахамзар, мамзаргьы дук ихарам аамҭа иахьазку ауп. Иаҳҳәап, ироманқәа, "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Анмираҳ - ҩыџьа рынцәахәы", аԥсуа қыҭа 1930-тәи ашықәсқәеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи уи иацааиуаз раԥхьатәи ашықәсқәеи ирыхьӡынҩылоуп. "Абна амаӡа" акәзар, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку раԥхьаӡатәи аԥсуа романуп, фырхаҵа хадасгьы иагәылагылоу белоруссиатәи абнаршәырақәа рҿы апартизантә қәԥара напхгара азызуаз аԥсуа еибашьҩы гәымшәа Давид (Даҭикәа) Зыхәба иоуп. Ари ароман аԥҵаразы автор акыр аус рыдиулеит архивтә материалқәа, иара убасгьы уи зныкымкәа-ҩынтәымкәа днеит, инарҭбааны диҿцәажәеит ароман афырхаҵа хада. Убри иабзоуроуп ароман ахҭыс хадақәеи, ахаҿсахьа хадақәеи лакҩакрада рыгәра уго иахьыҟалаз.
Сергеи Зыхәба:
Иахьа Алықьса Џьениа ипроза иахуҳәааша, аинтерес злаукыша рацәоуп, ахаҭабзиарақәа ракәзааит, аԥсыҽрақәа ракәзааит, имаҷымкәа уаҩы аҳәатәы ирҭоит. Алықьса Џьениа хыԥхьаӡара рацәала иҩны иҭижьхьоу иажәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа ҳхаҿы иаамгакәа иахьатәи аԥсуа проза иааидкыланы ахцәажәара залшом. Ара ирацәоуп еиуеиԥшым, насгьы ауаажәларратә ҵакы змоу атемақәа, ахшыҩҵакқәа, еиуеиԥшым асиужетқәеи аҷыдаратә композициалеи еиҿкаау аԥҵамҭақәа.
Иахьа шьҭа Алықьса Џьениа ипроза ааидкыланы ҳара ҳмилаҭтә литератураҿы акрызҵазкуа цәырҵрак аҳасабала иахәаԥштәуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

1/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга

2/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга

3/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга

4/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга
1/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга
2/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга
3/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга
4/4
© Foto / Предоставлено Анатолием Лагулаа
Алықьса Џьениа иҩымҭақәа реизга
Алықьса Гогәуа:
Алықьса Џьениа даара иҵауланы ихәыцуа шәҟәыҩҩуп. Уи иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи рыда ухаҿы иузаагаӡом ҳаԥсуа проза. Сара уи ироман "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы" редакторк иаҳасабала снапы ианыҵызгоз даҽазныкгьы агәра згеит ҳаԥсуа прозаҿы еиҳа-еиҳа адунеитә литературатә рҿиамҭақәа ирываургылаша ароманқәа шцәырҵуа, ишеиҭагалатәу, амҩа шрыҭалатәу…
Алықьса иповест "Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа" мацара аӡбахә ҳҳәозаргьы, ҳара ҿыӷәӷәала иаҳҳәартә ҳаҟоуп, уи иреӷьӡоу ҳлитературатә рҿиамҭа бзиақәа рахь иушьар шауа.
Владимир Агрба:
Сара агәра згоит Алықьса Џьениа ипроза мышкызны иҵегь аӡбахә бзиаӡаны ицәырыргараны ишыҟо. Аус злоу, ҳара ҳнапаҿы иҟоуп зеиӷьҭам аҩымҭақәа ҳашәҟәыҩҩы импыҵыҵыз, ирҿиаз, ҳара иахьынӡахәҭоу аӡыргашьа ҳақәшәароуп.
Ииашоуп, уи егьырҭ иаабац апрозатә рҿиамҭақәа реиԥш аилкаара мариам, уанаԥхьо, узыԥхьо атекст ибзианы "иурсароуп", уазхәыцроуп, асиужет умпыҵымҵәраароуп.
Алықьса даара иҵауланы ихәыцуа шәҟәыҩҩуп, иара убри аамҭазгьы, ииҩуа зегьы ҳажәлар ирзааигәоуп азы иуцәтәымхар ҟалаӡом.

1/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

2/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

3/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

4/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

5/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

6/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

7/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

8/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа

9/9
© Foto / из архива семьи Ласуриа
Алықьса Џьениа
1/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
2/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
3/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
4/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
5/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
6/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
7/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
8/9
© Foto / из архива семьи Алексея Джения
Алықьса Џьениа
9/9
© Foto / из архива семьи Ласуриа
Алықьса Џьениа
Виачеслав Бигәаа:
Сара Алықьса Џьениа ҳаԥсуа прозаҿы ирҿиамҭақәа санқәыԥшӡаз аахыс срыԥхьон, иахьагьы срыԥхьоит, исыцуп. Уи иааиҩуа зегьы ҳаԥсуа ԥсҭазаара, ҳаԥсуа дунеи иагәыласоуп. Ашәҟәыҩҩы заатәи ипроза еиҳа аилкаара мариоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит шьоукы-шьоукы акритикцәа, аха ааскьатәи аамҭа иатәқәоугьы, умыццакыкәан, ибзианы урыԥхьар, сара исҳәарц исҭахыз зегьы иара иҳәеит ҳәа агәаанагара уоуеит!..
Мышкызны, сара агәра згоит, ишааиуа убри аҩыза аамҭа, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа иреиӷьӡоу рҩымҭақәа рыӡбахә анырҳәо, Алықьса ипроза урҭ рыгәҭаҵәҟьа ишгылоу.
Артур Аншба
Ҳаԥсуа прозаҿы иреиӷьӡоу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа анеиқәаҳаԥхьаӡо, хымԥада раҩысшьа ыҟаӡам Алықьса Џьениа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи. Урҭ иахьатәи ҳаамҭа аҿахәы рҳәоит, иахьатәи ҳажәлар рыпсихологиа иақәшәоит, дара шхәыцуа ихәыцуеит автор ифырхацәа.
Алықьса абаҩхатәра ду змоу прозаикуп, насгьы ҳажәлар рыԥсҭазаара дагәылагылоуп, рыпсихологиа бзианы идыруеит азы, иааиҩуа зегьы агәра угоит, аԥхьара ушалагалак, иаразнак иузааигәахоит.
Иахьа иҳамоу ҳапрозаикцәа дуқәа рыӡбахә анаҳҳәо, урҭ рыгәҭа дҳаргылоит Алықьса Џьениа, уи ихьӡ аҩысшьа ҳамаӡам.
"Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа" амацара ада имҩыргьы, ашәҟәыҩҩы ихьӡ ахаан ҳлитератураҿы иаанхон.
Ҳара, ажурнал "Алашара" иахьа аус азызуа, абасеиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ҳредакциаҿы редактор хадацәас иахьыҟаз, аус ахьыруаз, даара гәадурас иҳамоуп, иҳалшо зегьы рыла урҭ рыхьӡ наӡаӡа ашьҭыхразы, аиқәырхаразы аус ааулоит…


