Украина Ашәарҭадаратә маҵзура "иҟьашьу абомба" аиадертә ԥжәара амодель ҟанаҵеит
15:26 12.12.2025 (ирҿыцуп: 16:38 12.12.2025)

© Getty Images / Galerie Bilderwelt
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Украина Ашәарҭадаратә маҵзура "иҟьашьу абомба" аиадертә ԥжәара амодель ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уи ус шакәу дырҵабыргуеит Урыстәыла атәылахьчаратә усбарҭа иамоу УШәМ ахаҭарнакцәа аҵара рырҵаразы аметодикақәа.
"УШәМ арҵара ахырхарҭақәа руак аионизациатә шәахәақәа рхыҵхырҭақәа рӷьычреи, арҭҟәацга аҟаҵареи, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥ аҿы уи аԥжәареи рҭагылазаашьа амодельмҩаԥгароуп", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит УА ИА арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчараз ар рхада, аинрал-маиор Алексеи Ртишьев.
Иара иажәақәа рыла, ари аус аҿы иҷыдоу аҭыԥ имоуп Зеленски иофис уаанӡатәи ахада Ермак, уи хаҭала хылаԥшра аиҭон Польшеи Румыниеи рҵакыра иалганы зхархәара нҵәаз аиадертә былтәы МАГАТЕИ-и егьырҭ апрофильтә еиҿкаарақәеи адырра рымҭакәа Украинаҟа алагалара.
