https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14290
Аҟәа аусура иалагеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" актәи ахәҭа
Аҟәа аусура иалагеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" актәи ахәҭа
Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" латәаралатәи ахәҭазы иалкаан 80 проект. 15.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-15T11:08+0300
2025-12-15T11:08+0300
2025-12-15T12:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059728855_0:121:1280:841_1920x0_80_0_0_eb143a348d56d9240f56d00fc2a45cd9.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рзы актәи латәаралатәи ахәҭа аусура иалагеит Аҟәа."Ари, раԥхьатәи латәаралатәи хәҭоуп, лабҿаба ҳаибабартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, ҳзацлабуа даабоит, иарбан идеиақәоу дасу иҳамоу еилҳаргоит. Аиааира згаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрахо рацәак ибаргәым, ихадароу афинал аҟынӡа инеиз зегьы адырра дуқәа риура ахьрылшо ауп", — иҳәеит ИИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Гьаргь Габуниа. Иара иазгәеиҭеит, хымш рыҩнуҵҟа ишҭырҵаауа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны"алахәылацәа ицәырыргаз апроектқәа. Иара уи адагьы, акселерациатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит апроекттә ԥшьгарақәа рыҿиара аганахь ала адыррақәа рызҭало урыстәылатәи аекспертцәа. "Даара иаҳҭахуп зегьы аиааира ргар, аха шәара уажәнатә аиааира жәгахьеит, избанзар иахьа ара шәыҟоуп. 1033 зыҳәа аазышьҭыз рахьынтә 80 иахьа ара иҟоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Габуниа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059728855_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_7e646d8dacf2a1f4920a08ec32414fca.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа аусура иалагеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" актәи ахәҭа
11:08 15.12.2025 (ирҿыцуп: 12:57 15.12.2025) Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" латәаралатәи ахәҭазы иалкаан 80 проект.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рзы актәи латәаралатәи ахәҭа аусура иалагеит Аҟәа.
"Ари, раԥхьатәи латәаралатәи хәҭоуп, лабҿаба ҳаибабартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, ҳзацлабуа даабоит, иарбан идеиақәоу дасу иҳамоу еилҳаргоит. Аиааира згаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрахо рацәак ибаргәым, ихадароу афинал аҟынӡа инеиз зегьы адырра дуқәа риура ахьрылшо ауп", — иҳәеит ИИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Гьаргь Габуниа.
Иара иазгәеиҭеит, хымш рыҩнуҵҟа ишҭырҵаауа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны"алахәылацәа ицәырыргаз апроектқәа.
Иара уи адагьы, акселерациатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит апроекттә ԥшьгарақәа рыҿиара аганахь ала адыррақәа рызҭало урыстәылатәи аекспертцәа.
"Даара иаҳҭахуп зегьы аиааира ргар, аха шәара уажәнатә аиааира жәгахьеит, избанзар иахьа ара шәыҟоуп. 1033 зыҳәа аазышьҭыз рахьынтә 80 иахьа ара иҟоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Габуниа.