https://sputnik-abkhazia.info/20251215/1059730678.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рзы актәи латәаралатәи ахәҭа аусура иалагеит Аҟәа. "Ари, раԥхьатәи латәаралатәи хәҭоуп, лабҿаба ҳаибабартә еиԥш... 15.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-15T13:30+0300
2025-12-15T13:30+0300
2025-12-15T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059730512_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_fa5e0a669c9b9d822a788cab8bb14b29.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рзы актәи латәаралатәи ахәҭа аусура иалагеит Аҟәа. "Ари, раԥхьатәи латәаралатәи хәҭоуп, лабҿаба ҳаибабартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, ҳзацлабуа даабоит, иарбан идеиақәоу дасу иҳамоу еилҳаргоит. Аиааира згаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрахо рацәак ибаргәым, ихадароу афинал аҟынӡа инеиз зегьы адырра дуқәа риура ахьрылшо ауп", — иҳәеит ИИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Гьаргь Габуниа. Иара иазгәеиҭеит, хымш рыҩнуҵҟа ишҭырҵаауа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны"алахәылацәа ицәырыргаз апроектқәа. Иара уи адагьы, акселерациатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит апроекттә ԥшьгарақәа рыҿиара аганахь ала адыррақәа рызҭало урыстәылатәи аекспертцәа.
Аԥснытәи арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа азанааҭ-ҽазыҟаҵаратә курсқәа ирхысуеит "Артек". Дара алҵшәабзиа змоу урыстәылатәи апрактикақәеи ааӡаразы ашкол адиректорцәа рабжьгаҩцәа рԥышәеи ҭырҵаауеит, апроектқәа аус рыдуларазы амаругақәа еилыркаауеит, аҵаҩцәеи аҭаацәеи дареи реимадара ашьақәыргылашьа рҵоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
2025 шықәсазы Аԥсныҟа атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иацхрааит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартреи, адәыӷбақәеи автобусқәеи ахырхарҭа ҿыцқәа рыла абжьалареи ҳәа азгәеиҭеит апроекттә усумҭақәа рнапхгаҩы Сергеи Бантос, апроект "Зысасгәашә аарту Аԥсны" латәаралатәи ахәҭа аусураҿы. Иара иажәақәа рыла, ԥхынҷкәынмазазы ареспублика иаҭааит 1,6 миллионҩык инареиҳаны атуристцәа, иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны уи 18% рыла еиҳауп. Бантос иазгәеиҭеит, асасдкыларҭақәа рҿы ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы заа аҭыԥқәа шааныркылахьоу 50% рҟынӡа, арҭ рбага еизҳауеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы 2026-2027 шықәсқәа рзы аквотатә кампаниахь арзаҳалқәа ралаҵара хыркәшахоит ԥхынҷкәын 15 рзы ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Россотрудничество аҟны иазгәарҭеит латәаралатәи аформат ала аҵыхәтәантәи аилацәажәара шымҩаԥысуа асааҭ 15:00 рзы. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы хәыда-ԥсада аҵараҵаразы 115 квота Аԥсны иазоужьуп.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәа рзы актәи латәаралатәи ахәҭа аусура иалагеит Аҟәа. "Ари, раԥхьатәи латәаралатәи хәҭоуп, лабҿаба ҳаибабартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, ҳзацлабуа даабоит, иарбан идеиақәоу дасу иҳамоу еилҳаргоит. Аиааира згаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрахо рацәак ибаргәым, ихадароу афинал аҟынӡа инеиз зегьы адырра дуқәа риура ахьрылшо ауп", — иҳәеит ИИА "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Гьаргь Габуниа. Иара иазгәеиҭеит, хымш рыҩнуҵҟа ишҭырҵаауа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны"алахәылацәа ицәырыргаз апроектқәа. Иара уи адагьы, акселерациатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылоит апроекттә ԥшьгарақәа рыҿиара аганахь ала адыррақәа рызҭало урыстәылатәи аекспертцәа. Аԥснытәи арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа азанааҭ-ҽазыҟаҵаратә курсқәа ирхысуеит "Артек". Дара алҵшәабзиа змоу урыстәылатәи апрактикақәеи ааӡаразы ашкол адиректорцәа рабжьгаҩцәа рԥышәеи ҭырҵаауеит, апроектқәа аус рыдуларазы амаругақәа еилыркаауеит, аҵаҩцәеи аҭаацәеи дареи реимадара ашьақәыргылашьа рҵоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура.2025 шықәсазы Аԥсныҟа атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иацхрааит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартреи, адәыӷбақәеи автобусқәеи ахырхарҭа ҿыцқәа рыла абжьалареи ҳәа азгәеиҭеит апроекттә усумҭақәа рнапхгаҩы Сергеи Бантос, апроект "Зысасгәашә аарту Аԥсны" латәаралатәи ахәҭа аусураҿы. Иара иажәақәа рыла, ԥхынҷкәынмазазы ареспублика иаҭааит 1,6 миллионҩык инареиҳаны атуристцәа, иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны уи 18% рыла еиҳауп. Бантос иазгәеиҭеит, асасдкыларҭақәа рҿы ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы заа аҭыԥқәа шааныркылахьоу 50% рҟынӡа, арҭ рбага еизҳауеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы 2026-2027 шықәсқәа рзы аквотатә кампаниахь арзаҳалқәа ралаҵара хыркәшахоит ԥхынҷкәын 15 рзы ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Россотрудничество аҟны иазгәарҭеит латәаралатәи аформат ала аҵыхәтәантәи аилацәажәара шымҩаԥысуа асааҭ 15:00 рзы. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы хәыда-ԥсада аҵараҵаразы 115 квота Аԥсны иазоужьуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059730512_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_f5bb9eb5c9bf05381fd204c7237c6767.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио