Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Волгодонск атеракт аԥдырҟәҟәааит
10:10 18.12.2025 (ирҿыцуп: 10:33 18.12.2025)

© Sputnik / Виталий Белоусов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Волгодонск атеракт аԥдырҟәҟәааит.
Астудентка-аҽшьҩы абомба зҭаз арҭмаҟ ақалақь ахадара ахыбраҿы ачынуаҩ илҭаанӡа сааҭбжак шлыгыз дааныркылеит.
Илымхуп ааха узҭо ахәҭақәа — абруқәа, абруҭақәа, аҵәымӷқәа рыла еибыҭоу инапылаҟаҵароу арҭҟәацга.
Иааныркылаз еиҭалҳәеит ақалақь акалҭ иахьаҵанакуа аҵәахырҭаҿы арҭмаҟ шышьҭылхыз, иарбоу аамҭазы аҭыԥ ахь иналгар шакәыз.
АфШәМ аҿы иазгәарҭеит, аԥҳәызба аинтернет-цәгьаршыҩцәа дышрыӡхәхаз. Лара арҭмаҟ иҭаз аԥареи "аҵарҭышагаҩ изыӡырҩыгеи" ракәыз џьылшьон, уи ззырхаз "аҵарҭыша" аиура аамҭазы ОМОН дааныркылар акәын.