https://sputnik-abkhazia.info/20251220/1059899383.html
"Аԥсуа чара" инаркны аҿар рыкәашара аҟынӡа: Аԥсны аҳәынҭансамбль аҳасабырбатә концерт
"Аԥсуа чара" инаркны аҿар рыкәашара аҟынӡа: Аԥсны аҳәынҭансамбль аҳасабырбатә концерт
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы ԥхынҷкәын 19 рзы. 20.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-20T19:30+0300
2025-12-20T19:30+0300
2025-12-20T19:42+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/14/1059900925_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_b824ccf21402bcbf21f8f3199ec13c8b.jpg
Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿыАхәаԥшцәа ирыдгалан ансамбль инаныгӡо еицырдыруа "Аԥсуа чара", аӡӷабцәа рлирикатә кәашара, ауапа кәашара, ҳџьынџьуаа рыкәашара, Кавказ ажәларқәа рыкәашара уҳәа.Ансамбль ахор инарыгӡеит жәлар рашәақәа "Озбақь", "Самаҭхәа", "Ахра ашәа", "Гәдиса", "Ахәрашәа" уҳәа убас егьырҭгьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/14/1059900925_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_329e7183b426bed1494a939adb6357e8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
"Аԥсуа чара" инаркны аҿар рыкәашара аҟынӡа: Аԥсны аҳәынҭансамбль аҳасабырбатә концерт
19:30 20.12.2025 (ирҿыцуп: 19:42 20.12.2025) Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы ԥхынҷкәын 19 рзы.
Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы
Ахәаԥшцәа ирыдгалан ансамбль инаныгӡо еицырдыруа "Аԥсуа чара", аӡӷабцәа рлирикатә кәашара, ауапа кәашара, ҳџьынџьуаа рыкәашара, Кавказ ажәларқәа рыкәашара уҳәа.
Ансамбль ахор инарыгӡеит жәлар рашәақәа "Озбақь", "Самаҭхәа", "Ахра ашәа", "Гәдиса", "Ахәрашәа" уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы.

Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит авокалтәи ахореографиатәи аномерқәа рыла.

"Афилармониа асценаҿ инарыгӡеит "Аԥсуа чара" асиуит.

Артистцәа рҟазара ҳаракы аадырԥшуан кәашарыла.

Ауапа кәашара ахәаԥшцәа даара иргәаԥхеит.

Аҳәынҭқарратә ансамбль ахкынагӡаҩцәа асцена иқәлеит мацәысеимҟьаран.

Аҭыԥҳацәа рлирикатә кәашара ахәаԥшцәа ргәаҵаҿ акыраамҭа иаанхоит.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль еиҿкаан 1931 шықәсазы.

1934 шықәсазы Аԥсны аетнографиатә хор Кавказнхыҵтәи ажәларқәа рҟазара аолимпиадаҿы ианашьахеит ЦИК ЗСФСР апремиақәа рыԥшьбагьы.

Иара аиҿкаара иаԥшьгамҭоуп Нестор Лакәаба.

Аколлектив ҿыц аԥҵан иреиӷьу араионтә хортә коллективқәа рышьаҭала.

Иахьатәи ашәаҳәареи акәашареи рансамбль шьаҭас иаман аетнографиатә хор.

В 1970 году ансамблю было присвоено высокое звание заслуженного.

Ансамбль арепертуар аҿы иҟоуп афольклортә ақьабзтә, аритуалтә ашәақәеи акәашарақәеи, иара убас аԥсуа композиторцәа раԥҵамҭақәеи.

Ансамбль ԥыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы ирҭаахьан. Иара убас, адунеи атәылақәа жәпакы ирҭааит, урҭ рыбжьара иҟоуп Германиа, Чехословакиа, Польша, Грециа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Франциа, Мексика, Аргентина, Африка. Акырынтә Жәларбжьаратәи афестивальқәа рҿы аҳамҭақәа аиухьеит.

Ԥхынҷкәынмза алагамҭаз Аҳәынқарратә ансамбль ықәгылеит Кремльтәи ахан аҿы.