https://sputnik-abkhazia.info/20251220/asny-urystylati-amashynanytsarat-zinsha-ryara-aankyloup-myzky-1059892993.html
Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп мызкы
Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп мызкы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит... 20.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-20T09:30+0300
2025-12-20T09:30+0300
2025-12-20T11:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/07/1058098187_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6ae8e27758f631cbf258d63e118af26b.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.Мшаԥымза 14 раахыс Аԥсны ирыҭоуп 15 202 урыстәылатәи аныҟәцаратә зиншәҟәқәа. Аҩӡба иазгәеиҭеит, иааидкыланы 17 989 аусшәҟәқәа шрыдыркылаз, 16 881 гәраргага шдырмазеиз.591 рзаҳал мап ацәыркит, избан акәзар, урҭ урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәақәа шрымаз жәларбжьаратәи атәылауаҩшәҟәқәа аларҵеит.Иара убас, атәылауаа аныҟәцаратә зиншәҟәқәа рырымҭар алшоит урҭ уаанӡа Урыстәыла ироухьазар. Усҟан урҭ азеиԥш шьаҭала идырҿыцроуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/07/1058098187_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c432b674b7fbb71b63e5354911b511ea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп мызкы
09:30 20.12.2025 (ирҿыцуп: 11:38 20.12.2025) АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Ажьырныҳәа 20 рҟынӡа Аԥсны урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә зиншәҟәқәа рыҭара аанкылоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Уи зыдҳәалоу ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәеи, ареспублика аҿы Урыстәылантәи аспециалистцәа ԥхьаҟатәи русуразы аҳасабырбақәа реиқәыршәареи роуп.
Мшаԥымза 14 раахыс Аԥсны ирыҭоуп 15 202 урыстәылатәи аныҟәцаратә зиншәҟәқәа.
Аҩӡба иазгәеиҭеит, иааидкыланы 17 989 аусшәҟәқәа шрыдыркылаз, 16 881 гәраргага шдырмазеиз.
591 рзаҳал мап ацәыркит, избан акәзар, урҭ урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәақәа шрымаз жәларбжьаратәи атәылауаҩшәҟәқәа аларҵеит.
Иара убас, атәылауаа аныҟәцаратә зиншәҟәқәа рырымҭар алшоит урҭ уаанӡа Урыстәыла ироухьазар. Усҟан урҭ азеиԥш шьаҭала идырҿыцроуп.