Актриса Ольга Спирина РУСДРАМ атруппахь дрыдыркылеит
12:23 22.12.2025 (ирҿыцуп: 12:41 22.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Актриса Ольга Спирина РУСДРАМ атруппахь дрыдыркылеит.
Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит лара аспектакль "Едит Пиаф" аҟны лдебиут ашьҭахь.
Ольга Спирина дызлахәу ақәыргыламҭақәа иреиуоуп — ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Иҵааршәу аҳкәажә", уи аԥхьарбара мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 27 рзы, лара апринцесса Ельза лроль налыгӡоит, абри атәы аанацҳауеит атеатр.
"Ольга илыдаҳныҳәалоит — абаҩхатәра злоу, еилыхха иҟоу, иблахкыгоу адәахьтәи адыррақәа змоу актрисоуп лара, гәахәароуп, ҳкоманда дахьахәҭакхаз", — аҳәоит РУСДРАМ адырраҭараҿы.
Спирина — Иркутсктәи атеатртә ҵараиурҭа доушьҭымҭоуп, Москва асценатә ҟазара Иреиҳаӡоу ашкол латәаратәи-латәарадатәи аҟәша дастудентуп.