АдәА рминистри Аԥсны иҟоу АҞЖәА ахада ҿыци русеицура иалацәажәеит
17:49 22.12.2025 (ирҿыцуп: 18:09 22.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахада ҿыц Валериа Џьемеллои аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара далахәын Амиссиа ахада иҳасабала зусура хзыркәшо Чынгыз Раиымбеков, уи далацәажәеит Аԥсны иҟоу АҞЖәА (МККК) аусура ахырхарҭа хадақәеи ари амаҵураҭыԥ аҿы иҟазаара иалагӡаны имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәеи ртәы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Олег Барцыц Чынгыз Раиымбеков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, убри аан имҩаԥгоу агуманитартә ԥшьгарақәа рҵакы инаҵшьны азгәеиҭеит, Валериа Џьемелло ԥхьаҟатәи лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит.
Аԥсны иҟоу АҞЖәА ахада ҿыц аусура далагоит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы.