Ажәахырҿиаара
Аҩы́зша (доля друга)
Ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылеит: а-ҩыза + аша-ра́ (делить). Иахьа иаҳхашҭхьоу ажәақәа рахь иаҵанакуеит, аха аабыкьанӡа ахархәара аман, аҵакы ҭбаан.
1. "Аҩызша" ҳәа иашьҭан ашәарыцацәа рыбжьара иршоз ашәарах-жьы. Аҩыза ихәы умшар ҵасмызт, уи алакьысра ҟаломызт. Ари аԥҟара хымԥада иқәныҟәон гәыԥҩык шәарыцара ианеицҭыҵуаз (еиҳарак алаҵгараан). Рышәарах рыманы ақыҭаҿ ианааилак, ацәа аахыхны, дасу ирықәнагоз ахәҭа рыҭаны рыҩныҟақәа ицон.
2. "Аҩызша" ҳәа иашьҭан иара убас амаҳә иаашьҭраан амаҳәҩыза ирҭоз аҳамҭа. Маҳәрацарраан, ишдыру еиԥш, амаҳә иуацәеи иҩызцәеи аашьҭыхны деикәаҳәеикәаԥса абхәараа рахь дцон, уа дахьнеиуаз аҽы жәла бзиа ирҭон ("амаҳә иҽы"), мамзаргьы абџьар. Иҩызцәагьы ҳамҭада ирышьҭуамызт, ажәытәан урҭ ирыдыргалар ҟалон ҽык-ҽык, ма ацәқәа, ма аԥара.
Аҩызша ажәахырҿиаарала иазааигәоу ажәақәоуп: аиҳабыша, аиҵбыша, алабкыша, ахыркыша.
• Аиҩызара иазку ажәаԥҟақәа>>
Алитература: Ш. Д. Инал-Ипа. Абхазы, 1965; Этнография брачно-семейных и социальных отношений абхазов, 2016.
Асахьаҿы: ашәарыцаҩ (Фердинанд Леке, 1885)
