Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа идыргамаз Еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ (ОПГ) алахәылацәа ааныркылеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мацзура аусзуҩцәа.
10:51 23.12.2025 (ирҿыцуп: 11:06 23.12.2025)
© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа идыргамаз Еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ (ОПГ) алахәылацәа ааныркылеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мацзура аусзуҩцәа.
Иаанкылоуп аиҿкааҩи 20-ҩык инареиҳаны агәыԥ алахәылацәеи ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ԥарала дара аҳәаанырцәуаа ирыцхраауан аусутә визақәа рыла атәыла аҭаларазы аиурист хаҿқәа рҟынтәи иԥаршеиу ааԥхьарақәа реиқәыршәарала.
Абас ала дара 500 млн мааҭ рҟынӡа дырҳаит.
Амчратә усзуҩцәа 60 инареиҳаны аԥшаарақәа мҩаԥыргеит Ростовтәи, Новгородтәи, Ленинградтәи, Ивановтәи аобластқәеи Пермтәи атәылаҿацәи рҿы, ирымырхит иԥаршеиу ашәҟәбӷьыцқәеи аԥара рацәеи.
Ашьаусқәа хацыркуп.