https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14499
Мичурин ибананқәа раԥхьатәи рҽаҩра роуит Аԥсны
Мичурин ибананқәа раԥхьатәи рҽаҩра роуит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
Мызқәак раԥхьа еиҭарҳаз абананқәа ҩ-метраки бжаки рҟынӡа инаӡахьеит, раԥхьатәи аҽаҩрагьы 15 кьыла ыҟоуп. 24.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-24T11:07+0300
2025-12-24T11:07+0300
2025-12-24T11:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1059987029_0:3:1398:789_1920x0_80_0_0_9cc1af37ce2adcf880c5016a3dc46529.png
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Мичурин ибананқәа раԥхьатәи рҽаҩра роуит Аԥсны.Урыстәылатәи аҵарауаа илыргаз ахкыжәла "аҵантәи Кавендиш " ашықәс зегьы арԥхарҭақәа рҿы раарыхра иазырхоуп.Уи, егьырҭ излеиԥшым, еиҳа ирласны иахьазҳауа, аҽаҩра ахьунаҭо ауп, аха убри аан еиуеиԥшым ачымазарақәа амоуп. Убри азы уи аадрыхуеит авирус змам атехнологиа ҷыдала ҳәа аанацҳауеит "Мичуринская правда".Аԥсны бжьымз раԥхьа 25 шьапы еиҭарҳаит, урҭ уажәазы ҩ-метраки бжаки рҟынӡа инаӡахьеит. Ҵлак раԥхьатәи ашықәс азы 10-15 кьыла ашәыр унаҭоит, ахԥатәи ашықәс азы — 45 кьыла рҟынӡа.Жәабранмзазы ареспубликахь иааргоит даҽа 500 шьапы рҟынӡа аиҭаҳатәқәа арԥхарҭа ҿыц азы.
https://sputnik-abkhazia.info/20251216/1059772367.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1059987029_172:0:1227:791_1920x0_80_0_0_0741cfaa6e8408b048ab48968dfc74e6.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Мичурин ибананқәа раԥхьатәи рҽаҩра роуит Аԥсны
11:07 24.12.2025 (ирҿыцуп: 11:46 24.12.2025) Мызқәак раԥхьа еиҭарҳаз абананқәа ҩ-метраки бжаки рҟынӡа инаӡахьеит, раԥхьатәи аҽаҩрагьы 15 кьыла ыҟоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Мичурин ибананқәа раԥхьатәи рҽаҩра роуит Аԥсны.
Урыстәылатәи аҵарауаа илыргаз ахкыжәла "аҵантәи Кавендиш " ашықәс зегьы арԥхарҭақәа рҿы раарыхра иазырхоуп.
Уи, егьырҭ излеиԥшым, еиҳа ирласны иахьазҳауа, аҽаҩра ахьунаҭо ауп, аха убри аан еиуеиԥшым ачымазарақәа амоуп. Убри азы уи аадрыхуеит авирус змам атехнологиа ҷыдала ҳәа аанацҳауеит "Мичуринская правда".
Аԥсны бжьымз раԥхьа 25 шьапы еиҭарҳаит, урҭ уажәазы ҩ-метраки бжаки рҟынӡа инаӡахьеит. Ҵлак раԥхьатәи ашықәс азы 10-15 кьыла ашәыр унаҭоит, ахԥатәи ашықәс азы — 45 кьыла рҟынӡа.
Жәабранмзазы ареспубликахь иааргоит даҽа 500 шьапы рҟынӡа аиҭаҳатәқәа арԥхарҭа ҿыц азы.