Инал Гаделиа 2025 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп
21:08 27.12.2025 (ирҿыцуп: 23:29 27.12.2025)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Инал Гаделиа 2025 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп.
Аҳамҭа ианеишьеит Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Иахьа Аҟәа еилкаахеит 2025 шықәсазы иреиӷьу "Аԥыза қәыԥш" аԥхьахә аҟны иалкаахаз рыхьӡқәа. Иҷыдоу акомиссиа аминистррақәа, аҳәынҭқарратә еилакқәа, аӡбарҭақәа, аҭыԥантәи анаԥхгараҭарақәа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара, Апрокуратура хада, Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, Амилаҭтә банк рҟынтәи иреиӷьу аусзуҩцәа ҿарацәа алнахит.

