00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиаразы ицхыраагӡоу, асас иҿаԥхьа узмырԥхашьо: ажьаӷь уаткеи уи ахәарҭареи

© Sputnik / Томас Тхайцук Изготовление абхазских посохов - алабашьа, варка чачи в селе Хуап - Роланд Зантария
Изготовление абхазских посохов - алабашьа, варка чачи в селе Хуап - Роланд Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2025
Анапаҵаҩра
Зыхьӡ хара инаҩхьоу аԥсуаа рнапала иҟарҵо рыжәтә џьбара хкы ажьаӷь уатка иахҳәааны аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажьаӷь схәоит уа снахалан,
Сцаӡом сусқәа нкажь.
Аҿа-маҿа иналакны,
Ԥҳәызбак џьа дысҳәеит.
Сангьы дыҟоуп лгәалаҟан,
"Ҭаца дсоут", – лҳәеит.
Владимир Ахьиба
Зыхьӡ хара инаҩхьоу аԥсуаа рнапала иҟарҵо рыжәтә џьбара хкуп ажьаӷь уатка. Ахаҭа ахьӡ ишаҳәо еиԥш ари ауатка ажь иахылҿиаауеит.
Ажь хәаны аҩы анаҵырхлак, аиаҳәаҿы иаанхо ажьаӷь ахьӡуп. Ажьаӷь ачуан илҭаԥсаны, хәыҷык аӡы алатәаны, иршны ауатка алырхуеит. Ҩынтәыршыра ажьаӷь уатка хаҭабзиарала зегьы иреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ас еиԥш иҟоу арыжәтә хкы ацәгьеи-абзиеи рҿы ицәырыргоит, иуҭааз асас иҿы уарԥшӡоит.
Амала ауадка иаҵоуп маӡак, ушарԥшӡо еиԥш уарԥхашьахаргьы ауеит. Убри азы иахьынӡаулаӡо дырны убра иаанкылатәуп.

Ажьаӷь уатка зхәарҭоу

Асас иҿаԥхьа узмырԥхашьо агәабзиаразы ихәарҭароу ажьаӷь уатка (даҽакала "аџьаӷь уатка" ҳәагьы иашьҭоуп) иазкны афольклорист Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали" аҿы абас лыҩуан: "Аџьаӷь уатка есышьыжь акруфаанӡа 50 грамм ажәра агәабзиаразы ибзиоуп рҳәоит. Акы – акрыфара угәанарԥхоит, ҩбагьы – уҩнуҵҟа уарыцқьоит. Умгәа еиласзар аџьаӷь уатка х-ҿамҩак ужәыр, уккаӡа уааилныргоит. Уцәеи ужьи ахьҟәаҟәаз иахьушьыр, ашәытара анхалаӡом. Ушьапы кыдҟьар, ицәҟьар аџьаӷь уаткала иҿуӡәӡәаар, ихҭәасааӡом. Ихҭәасааз аҭәа анҭухлак, аџьаӷь уатка ақәуҭәар уа аҽеиқәнакуеит. Ахәра акәша-мыкәша иалаҿуӡәӡәаар, аӷьара мариахоит. Аџьаӷь уаткала еиҵоуҵаз ахәшә ԥхасҭахаӡом, амчра иацлоит".
Перец - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
Ауадка, апырпыл ца, ашша: аԥсуаа ахьҭалалара шырхәышәтәуаз

Ажьаӷь уатка жәлар рмедицинаҿы

Иахьа ажьаӷь анаҩсангьы, ауатка рылырхуеит: аҳәаса, аҵәа, аҳа, алаҳа, ахәырма реиԥш иҟоу ашәырқәа.
Ауатка ацәгьеи абзиеи шарԥшӡо еиԥш ахархәара ҭбаа арҭоит жәлар рмедицинаҿгьы. Иаагозар, ауаҩы ахьҭа анилалак, имцашоура анхалалак, аҳақьым ааигәа даныҟамыз аамҭазы иҟарҵоз аԥсуа хәшәқәа иреиуан:
Уаткала еиҵарԥхьаз аџыш ачымазаҩ ицәеижь иахьыршьуан.
Ацхеи ауаткеи еиҟараны еиларҭәон, анаҩс агәабзиаразы мышкы ахь хынтә мҳаҵәк-мҳаҵәк лбаардон.
Апырпыл ца хыхны ауаткеи иареи еиҵадырԥхьон, ԥыҭрак ашьҭахь уи аиҵарԥхьа ичмазаҩхаз игәышԥы, ибӷа, ишьапсыргәыҵақәа ирхьыршьуан.
Ахьҭалалареи аимҳәеи ирыхәшәны аԥсуаа ахәац адацқәеи ирссаны ихыху аџыши ауадкаҿы еиҵадырԥхьон. Убри аиҵарԥхьала ачымазаҩ ицәа-ижьы хәаны ихьыршьуан.
Ахаԥыц хьаа ӷәӷәа анцәырҵлак ауатка цхыраагӡан. Уи ахаԥыцқәа ианрыҵуршалак, ахьаа хнаҽуан.
Аимҳәа аанкыларазы иргон 100 граммк ауатка, цырак акәтаӷь, мҳаҵәк ашьақар. Убарҭ ааилырхны уахынла иржәуан.
Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2019
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0