https://sputnik-abkhazia.info/20251230/1060158560.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путин иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ииасуа ашықәс Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура аҿиараҿы... 30.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-30T13:30+0300
2025-12-30T13:30+0300
2025-12-30T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/1e/1060158394_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d982d17f4994b5f8558f80f9ad2860b8.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Владимир Путин иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ииасуа ашықәс Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура аҿиараҿы акрызҵазкуа аамҭахәҭаны ишыҟаз. "Ҳаидгыларатә еизыҟазаашьа есааира аҽарӷәӷәон, ҵак ҿыцла ихаҭәаауан. Гәык- ԥсык ала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны еснагь адгылара ахьашәҭо, ҳтәыла алахьынҵеи уи ажәлар реизҳазыӷьареи шәахьрызхьаԥшуа азы", ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы. 2026 шықәсазгьы атәылақәа аидгыларатә еизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо ашьаҿа ҿыцқәа ҟаҵахап ҳәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара . Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа, Урыстәыла ажәлар — аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара.
Бадра Гәынба дақәыӡбеит Украина Арбџьармчқәа Новгородтәи аобласт аҿы Владимир Путин ирезиденциа ражәлара."Ҳара Урыстәыла ҳадгылоит. Киевтәи арежим ас еиԥш иҟоу ахшыҩдаратә усмҩаԥгатәқәа ԥсеизгароуп ҳәа ада даҽакны иԥхьаӡатәым",— азгәеиҭеит Аԥсны ахада.Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаанӡа Украинатәи Арбџьармчқәа рыжәларазы адырра ҟаиҵахьан.Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада ирезиденциа адронқәа 91 рыла иажәлеит, урҭ зегьы аҳауахьчаратә системақәа рыла икарыжьит.
"Аҧснеихамҩақәа" амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа зегьы аҧнахит.Икажьыз аҵлақәа ықәганы аимадаратә ҳақәа еиҭашьақәдыргылеит."Диоскуриа" ареисқәа еиҭахацыркхоит уаҵәырнахыс, иара аамҭала, адәыӷба Москва—Аҟәа аҳҭнықалақь ахь иааиуеит аамҭеихша инақәыршәаны.
Очамчыра араион ақыҭақәа амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит.Лашарада иҟоуп Арасаӡыхь, Гәыԥ, Џьгьарда, Аҭара ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.Аремонттә бригадақәа аҳақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥыргоит, афымцалашара шьыбжьонӡа еиҭашьақәдыргылап ҳәа азгәаҭоуп.Уаанӡа адырра ҟаҵан асоура иахҟьаны лашарада ишаанхаз Аҟәа Аҳабла ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рыхәҭаки.
Аҟәа ақалақь 2026 шықәсазтәи абиуџьет аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала ирыдыркылеит.Уи иартәоит 2,2 млрд мааҭ, ари 174 млн рыла еиҳауп 2025 шықәсазтәи аасҭа.2026 шықәсазы аҵареи, агәабзиарахьчареи, абаҩрҵәыреи аспорти, акультуреи рзы ахарџьқәа еизҳауеит.▪️аҵарадырразы иазгәаҭоуп 806 млн мааҭ;▪️агәабзиарахьчаразы — 397 млн мааҭ; ▪️ анхарҭа-коммуналтә нхамҩа абиуџьет иартәоит — 553, млн мааҭ; ▪️ асоциалтә политика иазырхахоит — 89,8млн мааҭ. Иара убас иазгәаҭоуп абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәқәа рышьҭыхра. Абжьаратә улафахәы — 21 512 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра азгәаҭоуп.
Аҳәынҭстат хәышықәса рыҩнуҵҟа Аҧсны шаҟаҩы иизи иҧсызи рзы адыррақәа акьыԥхьит.Астатистика излаҳәо ала, 2024 шықәсазы аизҳара бзиа ыҟан — усҟан Аԥсны иит 10-ҩык рыла еиҳаны, иԥсыз раасҭа.Зегь реиҳа аиҧҟьара ду арбоуп 2021 шықәсазы. Усҟан ииз раасҭа 675-ҩык рыла еиҳаны рыԥсҭазаара иалҵит.
Бадра Гәынба Владимир Путин иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ииасуа ашықәс Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура аҿиараҿы акрызҵазкуа аамҭахәҭаны ишыҟаз. "Ҳаидгыларатә еизыҟазаашьа есааира аҽарӷәӷәон, ҵак ҿыцла ихаҭәаауан. Гәык- ԥсык ала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны еснагь адгылара ахьашәҭо, ҳтәыла алахьынҵеи уи ажәлар реизҳазыӷьареи шәахьрызхьаԥшуа азы", ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы. 2026 шықәсазгьы атәылақәа аидгыларатә еизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо ашьаҿа ҿыцқәа ҟаҵахап ҳәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара . Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа, Урыстәыла ажәлар — аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара.Бадра Гәынба дақәыӡбеит Украина Арбџьармчқәа Новгородтәи аобласт аҿы Владимир Путин ирезиденциа ражәлара."Ҳара Урыстәыла ҳадгылоит. Киевтәи арежим ас еиԥш иҟоу ахшыҩдаратә усмҩаԥгатәқәа ԥсеизгароуп ҳәа ада даҽакны иԥхьаӡатәым",— азгәеиҭеит Аԥсны ахада.Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаанӡа Украинатәи Арбџьармчқәа рыжәларазы адырра ҟаиҵахьан.Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада ирезиденциа адронқәа 91 рыла иажәлеит, урҭ зегьы аҳауахьчаратә системақәа рыла икарыжьит. "Аҧснеихамҩақәа" амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа зегьы аҧнахит.Икажьыз аҵлақәа ықәганы аимадаратә ҳақәа еиҭашьақәдыргылеит."Диоскуриа" ареисқәа еиҭахацыркхоит уаҵәырнахыс, иара аамҭала, адәыӷба Москва—Аҟәа аҳҭнықалақь ахь иааиуеит аамҭеихша инақәыршәаны. Очамчыра араион ақыҭақәа амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит.Лашарада иҟоуп Арасаӡыхь, Гәыԥ, Џьгьарда, Аҭара ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.Аремонттә бригадақәа аҳақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥыргоит, афымцалашара шьыбжьонӡа еиҭашьақәдыргылап ҳәа азгәаҭоуп.Уаанӡа адырра ҟаҵан асоура иахҟьаны лашарада ишаанхаз Аҟәа Аҳабла ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рыхәҭаки. Аҟәа ақалақь 2026 шықәсазтәи абиуџьет аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала ирыдыркылеит.Уи иартәоит 2,2 млрд мааҭ, ари 174 млн рыла еиҳауп 2025 шықәсазтәи аасҭа.2026 шықәсазы аҵареи, агәабзиарахьчареи, абаҩрҵәыреи аспорти, акультуреи рзы ахарџьқәа еизҳауеит.▪️аҵарадырразы иазгәаҭоуп 806 млн мааҭ;▪️агәабзиарахьчаразы — 397 млн мааҭ; ▪️ анхарҭа-коммуналтә нхамҩа абиуџьет иартәоит — 553, млн мааҭ; ▪️ асоциалтә политика иазырхахоит — 89,8млн мааҭ. Иара убас иазгәаҭоуп абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәқәа рышьҭыхра. Абжьаратә улафахәы — 21 512 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра азгәаҭоуп. Аҳәынҭстат хәышықәса рыҩнуҵҟа Аҧсны шаҟаҩы иизи иҧсызи рзы адыррақәа акьыԥхьит.Астатистика излаҳәо ала, 2024 шықәсазы аизҳара бзиа ыҟан — усҟан Аԥсны иит 10-ҩык рыла еиҳаны, иԥсыз раасҭа.Зегь реиҳа аиҧҟьара ду арбоуп 2021 шықәсазы. Усҟан ииз раасҭа 675-ҩык рыла еиҳаны рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/1e/1060158394_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_60fe043c16f850601bb7df4452d63b66.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио