https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14662
Аҳабла ҿыц ауааԥсыра лашарала реиқәыршәаразы афымцаҳа ахьеиԥҟьаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп
Аҳабла ҿыц ауааԥсыра лашарала реиқәыршәаразы афымцаҳа ахьеиԥҟьаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аенергетикцәа Аҳабла ҿыц ауаа сыра лашарала реиқәыршәаразы афымцаҳа ахьеиԥҟьаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп иҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа... 30.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-30T14:00+0300
2025-12-30T14:00+0300
2025-12-30T14:07+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1f/1033129517_0:118:1620:1029_1920x0_80_0_0_52f35f41dfa54e5d19142f8c40f02e50.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аенергетикцәа Аҳабла ҿыц ауаа сыра лашарала реиқәыршәаразы афымцаҳа ахьеиԥҟьаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп иҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан."Афымцамчлабораториа алкаа шыхиахалак нап аҳаркуеит. Алкаа ашьҭахь сааҭки бжаки ҩ- сааҭки рыҩнуҵҟа алашара ҟалоит", — иҳәеит иара.Строчан аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа ахиҳәааит. Уи зыхҟьо амшцәгьеи, авариа иахҟьаны аҩнқәа рахь афымцалашара назышьҭуа алагалақәа руак ахьыԥхасҭахази роуп. Уажәы араион ҿыц аҿы ес х-сааҭк х-сааҭк сааҭ алашара дырцәоит."Ауааԥсыра ҳрыҳәоит иахьынӡаҳалшо аҭагылазаашьа еилкаарц. Сара еилыскаауеит, уи даара ишыуадаҩу, аха афымцамч аиҷаҳара аҽазышәара аҭахуп, избанзар аҭагылазаашьа ииашаҵәҟьаны даара иуадаҩуп", — иҳәеит Строчан.Иара иациҵеит аенергетикцәа иахантәарак аус шыруаз, иахьа ашьыжь асааҭ 7 инаркны авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра ишаҿу."Ҳара иахьа афымцалашара аиҭашьақәыргылара ишалшо ала ҳҽазаҳшәоит. Ус акә, егьыс акә, аусурақәа ирыцҵахоит авариа шьаҭанкыла иаԥырххаанӡа", — иҳәеит Строчан.
https://sputnik-abkhazia.info/20251230/1060151059.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251230/1060154322.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1f/1033129517_68:0:1508:1080_1920x0_80_0_0_3883f2593f09e9d72e6c7ae1c56d869e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аенергетикцәа Аҳабла ҿыц ауаа сыра лашарала реиқәыршәаразы афымцаҳа ахьеиԥҟьаз аҭыԥ аԥшаара иаҿуп иҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан.
"Афымцамчлабораториа алкаа шыхиахалак нап аҳаркуеит. Алкаа ашьҭахь сааҭки бжаки ҩ- сааҭки рыҩнуҵҟа алашара ҟалоит", — иҳәеит иара.
Строчан аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа ахиҳәааит. Уи зыхҟьо амшцәгьеи, авариа иахҟьаны аҩнқәа рахь афымцалашара назышьҭуа алагалақәа руак ахьыԥхасҭахази роуп.
Уажәы араион ҿыц аҿы ес х-сааҭк х-сааҭк сааҭ алашара дырцәоит.
"Ауааԥсыра ҳрыҳәоит иахьынӡаҳалшо аҭагылазаашьа еилкаарц. Сара еилыскаауеит, уи даара ишыуадаҩу, аха афымцамч аиҷаҳара аҽазышәара аҭахуп, избанзар аҭагылазаашьа ииашаҵәҟьаны даара иуадаҩуп", — иҳәеит Строчан.
Иара иациҵеит аенергетикцәа иахантәарак аус шыруаз, иахьа ашьыжь асааҭ 7 инаркны авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра ишаҿу.
"Ҳара иахьа афымцалашара аиҭашьақәыргылара ишалшо ала ҳҽазаҳшәоит. Ус акә, егьыс акә, аусурақәа ирыцҵахоит авариа шьаҭанкыла иаԥырххаанӡа", — иҳәеит Строчан.