Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә премиа алауреатцәа алкаауп
21:05 30.12.2025 (ирҿыцуп: 22:12 30.12.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә премиа алауреатцәа алкаауп.
Аицлабра мҩаԥыргон 2024 шықәсазы иазгәарҭоз Жәлар рпоет диижьҭеи 150 шықәса ихыҵра иазкны. Ажиури алахәылацәа ахәшьара арҭон Гәлиа иԥсҭазаареи иҭынхеи ирызку аԥсуа авторцәа ирҩыз аҭҵаардырратә усумҭақәеи аҩымҭақәеи, абри атәы аанацҳауеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла.
Аноминациа "Апоезиа" аҿы апремиа ианашьахеит Анатоли Лагәлаа, аноминациа "Аҭҵаарадырра" аҿы иалкаахеит аҵарауаҩ Диана Аџьынџьали асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиаԥҳаи русумҭақәа. Апублицистиказы апремиа ианашьахеит Вахтанг Абҳазоу.