2025 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи алыркааит
14:18 01.01.2026 (ирҿыцуп: 16:05 01.01.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
2025 шықәсазы ашьапылампылтә сезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иачемпионхеит АК "Гагра", ахраҿа иаԥсахеит "Нарҭ".
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл афедерациа иҳаҩсыз асезон аҿы иреиӷьу ахәмарҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи рыхьӡқәа алнакааит.
2025 шықәсазы иреиӷьу ашьапылампыл асҩы – Алим Аиба, АК "Гагра";
Иреиӷьу амбахьчаҩ – Леон Қәҭелиа, АК "Ерцахә";
Иреиӷьу ахьчаҩ – Алиас Асланӡиа, АК "Нарҭ";
Иреиӷьу абжаӷьчаҩ – Наур Ҵнариа, АК "Нарҭ";
Иреиӷьу ажәылаҩ – Марат Агрба, АК "Риҵа";
Иреиӷьу ахәмарҩы қәыԥш – Рауф Ажәанба, АК "Гагра";
Иреиӷьу азыҟаҵаҩ: Џьанкьаҭ Ҷкәуа, АК "Гагра".
2025 шықәсазы ашьапылампылтә сезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иачемпионхеит АК "Гагра", ахраҿа иаԥсахеит "Нарҭ".
