https://sputnik-abkhazia.info/20260115/urystyla-ashm-auszutsa-moskva-daanyrkyleit-britaniati-ashykhy-1060381032.html
Урыстәыла АшәМ аусзуҩцәа Москва дааныркылеит британиатәи аԥшыхәҩы
Урыстәыла АшәМ аусзуҩцәа Москва дааныркылеит британиатәи аԥшыхәҩы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Москва даадырԥшит адипломатиатә ҽыхҩарала аус зуаз британиатәи аԥшыхәҩы. Абри атәы... 15.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-15T12:16+0300
2026-01-15T12:16+0300
2026-01-15T12:16+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102544/31/1025443113_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_76b5867086b3b57d36241f0e8118bd3a.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Москва даадырԥшит адипломатиатә ҽыхҩарала аус зуаз британиатәи аԥшыхәҩы. Абри атәы аарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟынтәи. Аконтрԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа раан даарԥшын ицәыргамыз амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ, 45 шықәса зхыҵуа Девис Гарет Самиуель. Иара Урыстәылаҟа дааит Москва иҟоу ацҳаражәҳәарҭа административ-нхамҩатә ҟәша аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ иакәушәа иҽырҩашьаны. Аккредитациа имхны, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәыла аҵакыра аанижьырц адҵа иҭоуп. Иахьа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь илыԥхьеит Британиа Ду аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Деини Долакиа, ахҭыс инадҳәаланы аҿагыларақәа мҩаԥыргеит. Урыстәыла ААР агәҽанҵара ҟарҵеит Москва аиԥш зеиԥшу аҭак шыҟанаҵо Лондон аганахь ала анаҩсари аус дырӷыӷкыр.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102544/31/1025443113_210:0:2941:2048_1920x0_80_0_0_29d8895864827231b1c9ca0510b70fd8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла АшәМ аусзуҩцәа Москва дааныркылеит британиатәи аԥшыхәҩы
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Москва даадырԥшит адипломатиатә ҽыхҩарала аус зуаз британиатәи аԥшыхәҩы. Абри атәы аарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟынтәи.
Аконтрԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа раан даарԥшын ицәыргамыз амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ, 45 шықәса зхыҵуа Девис Гарет Самиуель.
Иара Урыстәылаҟа дааит Москва иҟоу ацҳаражәҳәарҭа административ-нхамҩатә ҟәша аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ иакәушәа иҽырҩашьаны. Аккредитациа имхны, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәыла аҵакыра аанижьырц адҵа иҭоуп.
Иахьа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь илыԥхьеит Британиа Ду аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Деини Долакиа, ахҭыс инадҳәаланы аҿагыларақәа мҩаԥыргеит. Урыстәыла ААР агәҽанҵара ҟарҵеит Москва аиԥш зеиԥшу аҭак шыҟанаҵо Лондон аганахь ала анаҩсари аус дырӷыӷкыр.