https://sputnik-abkhazia.info/20260317/1061695119.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иҷыдоу арратә операциаҿ Аԥснынтәи иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылоит Аҟәа. Ари азҵаара аус адырулоит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба далархәны иҳәеит Аԥсны ахада Бадра... 17.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-17T13:30+0300
2026-03-17T13:30+0300
2026-03-17T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/11/1061694953_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_9e2a9a6750c009f1c50c2df90099842c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иҷыдоу арратә операциаҿ Аԥснынтәи иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылоит Аҟәа. Ари азҵаара аус адырулоит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба далархәны иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит ИАО аҿы хатәгәаԥхарала иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рхыԥхьаӡара шәҩык ишырзааигәахо, жәаҩыла хабарда иӡыз рсиаҿ ишыҟоу. "Ҳара ҳзы ҳтәылауаҩ иҭахара, ҳаруаҩ иҭахара — цәыӡ дууп. Урҭ зегьы ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Ҳәарада, сара садгылоит аветеранцәа реиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа ИАО иҭахаз рбаҟа ақәыргыларазы иаԥшьгамҭа", — иҳәеит атәыла ахада амедиа-проект "Ҳара" иаиҭаз аинтервиу аҿы.Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит абаҟа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иргылахарц азы анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Аҳәынҭқарразы иреиҳаӡоу аԥыжәара амоуп атәылаҿы ашәарҭадара аиҿкаара ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахырхарҭала есыҽнытәи аусура шымҩаԥысуа. Атәыла ахада иажәақәа рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара ашәарҭара аԥырҟәҟәаара хәажәкыра 5 рзы иалыршахеит арадиоелектронҿагыларатә система ҿыцқәа ирыбзоураны. Уи алыршахеит Аԥсны Арбџьармчқәа реиԥш Урыстәылеи Аԥсни рырратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу алшара ҿыцқәа ирыбзоураны. Ари аиныррагьы иацҵахоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада амедиа-проект "Ҳара" аинтервиу аҭо.Атәыла анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит аҳауатә ҵакыра ашәарҭадара. Гәынба игәаанагарала, уажәтәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьақәа алкаақәа рзуны аҿыцрақәа рыҽрықәыршәара хымԥадатәиуп.
Жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" ԥшьынтәны Аԥсны имҩаԥысуеит.Иара хацыркхоит хәажәкыра 18 рзы, имҩаԥысуеит 20 тәыла рҿы ҳәа апресс-конференциаҿы адырра ҟалҵеит Россотрудничество аџьынџьуааи, аимадареи, аҭоурыхтә-гәалашәаратә усуреи рыҟәша аиҳабы Елена Шлиниова."20 тәыла азыҳәақәа аарышьҭхьеит. Урҭ иреиуоуп Аԥсны, Австриа, Аргентина, Бангладеш, Белоруссиа, Бельгиа, Болгариа, Мсра, Индиа, Иорданиа, Ҟазахстан, Кипр, Китаи, Молдова, Никарагуа, Перу, Таџьикистан, Тунис, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Иҟоуп иҵегьы атәылақәа иацло", — ҳәа лҳәеит лара.
Иԥсҭазаара далҵит амаланыҟәазы СССР аспорт азҟаза Виктор Абрагимов. Абри атәы Sputnik иазеиҭанаҳәеит Аҳәынҭспортеилакы. Виктор Абрагимов диит 1938 шықәсазы Донецк, 1947 шықәсазы иҭаацәа иманы Аҟәаҟа нхара диасит. Амаланыҟәатә спорт аҽазыҟаҵара далагеит 1958 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь Аԥснытәи АССР аҿар ркоманда дахырԥхьаӡалеит. 1963 шықәсазы СССР аспорт азҟазас дҟалоит.
Иҷыдоу арратә операциаҿ Аԥснынтәи иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылоит Аҟәа. Ари азҵаара аус адырулоит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба далархәны иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит ИАО аҿы хатәгәаԥхарала иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рхыԥхьаӡара шәҩык ишырзааигәахо, жәаҩыла хабарда иӡыз рсиаҿ ишыҟоу. "Ҳара ҳзы ҳтәылауаҩ иҭахара, ҳаруаҩ иҭахара — цәыӡ дууп. Урҭ зегьы ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Ҳәарада, сара садгылоит аветеранцәа реиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа ИАО иҭахаз рбаҟа ақәыргыларазы иаԥшьгамҭа", — иҳәеит атәыла ахада амедиа-проект "Ҳара" иаиҭаз аинтервиу аҿы.Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит абаҟа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иргылахарц азы анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо.Аҳәынҭқарразы иреиҳаӡоу аԥыжәара амоуп атәылаҿы ашәарҭадара аиҿкаара ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахырхарҭала есыҽнытәи аусура шымҩаԥысуа. Атәыла ахада иажәақәа рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара ашәарҭара аԥырҟәҟәаара хәажәкыра 5 рзы иалыршахеит арадиоелектронҿагыларатә система ҿыцқәа ирыбзоураны. Уи алыршахеит Аԥсны Арбџьармчқәа реиԥш Урыстәылеи Аԥсни рырратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу алшара ҿыцқәа ирыбзоураны. Ари аиныррагьы иацҵахоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада амедиа-проект "Ҳара" аинтервиу аҭо.Атәыла анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит аҳауатә ҵакыра ашәарҭадара. Гәынба игәаанагарала, уажәтәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьақәа алкаақәа рзуны аҿыцрақәа рыҽрықәыршәара хымԥадатәиуп.Жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" ԥшьынтәны Аԥсны имҩаԥысуеит.Иара хацыркхоит хәажәкыра 18 рзы, имҩаԥысуеит 20 тәыла рҿы ҳәа апресс-конференциаҿы адырра ҟалҵеит Россотрудничество аџьынџьуааи, аимадареи, аҭоурыхтә-гәалашәаратә усуреи рыҟәша аиҳабы Елена Шлиниова."20 тәыла азыҳәақәа аарышьҭхьеит. Урҭ иреиуоуп Аԥсны, Австриа, Аргентина, Бангладеш, Белоруссиа, Бельгиа, Болгариа, Мсра, Индиа, Иорданиа, Ҟазахстан, Кипр, Китаи, Молдова, Никарагуа, Перу, Таџьикистан, Тунис, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Иҟоуп иҵегьы атәылақәа иацло", — ҳәа лҳәеит лара. Иԥсҭазаара далҵит амаланыҟәазы СССР аспорт азҟаза Виктор Абрагимов. Абри атәы Sputnik иазеиҭанаҳәеит Аҳәынҭспортеилакы. Виктор Абрагимов диит 1938 шықәсазы Донецк, 1947 шықәсазы иҭаацәа иманы Аҟәаҟа нхара диасит. Амаланыҟәатә спорт аҽазыҟаҵара далагеит 1958 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь Аԥснытәи АССР аҿар ркоманда дахырԥхьаӡалеит. 1963 шықәсазы СССР аспорт азҟазас дҟалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/11/1061694953_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_18727516d4ece2defe3948ec32209a8e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио