https://sputnik-abkhazia.info/20260129/1060723492.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашәахтә система хәҭа-хәҭала арҿыцраз ауснагӡа иалацәажәеит аминистрра иашьашәалоу Урыстәыла аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны. Афедералтә шәахтә маҵзуреи... 29.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-29T18:01+0300
2026-01-29T18:01+0300
2026-01-29T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1d/1060723326_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ef77201abf8403f84d7d9f889f871e0d.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашәахтә система хәҭа-хәҭала арҿыцраз ауснагӡа иалацәажәеит аминистрра иашьашәалоу Урыстәыла аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны. Афедералтә шәахтә маҵзуреи "Аҭҵаарадырра-аинновациақәа ралагаларатә центр хадеи" рделегациа усутә ныҟәарыла Аҟәа иҟоуп ҳәа аанацҳауеит ареспублика Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура. Ауснагӡатә иазгәанаҭоит атехникатә ӡбамҭақәеи апрограмматә комплекс ҿыцқәа ралагалареи рыдагьы, иреиӷьу апрактикақәа Аԥсны аекономика аҭахрақәа ирықәшәо аҟаҵара.
Ашьапылампыласҩы Никита Симониан изку афильм "Ахьтәы дубль" аԥхьарбара мҩаԥгахоит Аԥсны акинозал ҿыцқәа рҿы. Абри атәы еиҭеиҳәеит акинематографиа аусқәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Аинар Лабахәуа. Никита Симониан – аҟәатәи "Динамо" ааӡамҭа, асовет шьапылампыл алегенда, 1956 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рчемпион, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, 2025 шықәсазы "Урыстәыла Аџьа Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ зхырҵаз.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраани Гал араион аҿы змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараани иҭахаз рбаҟа аескизтә проект рыдыркылеит. Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуеи аскульптор Цира Ахԥҳаи русумҭа "Игәырҩо ан" аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба хантәаҩра ззиуа амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәараҿы иахәаԥшит. Аилацәажәараан акомиссиа алахәылацәа апроект рыдыркылеит, аескиз аус адуларазы абжьгарақәа ҟарҵеит – абаҟа аҟаҵараан авторцәа урҭ ҳасаб рзыруырц.
Ленинград аблокада шьаҭанкыла ахыхра иазкыз RT Documentary афильмқәа дырбара мҩаԥысит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Ажьырныҳәа 21-29 рыҩнуҵҟа аҳҭнықалақь абжьаратә зеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа хәбеи Амилициа иреиҳаӡоу ашколи рҵаҩцәа акиносахьақәа "Асолдаҭ иԥшаара", "Аблокада иҭакыз Ленинград угәаларшәо", "Ленинград: 872 мшы џьаҳаным ", " Зыԥсы ҭоу аибашьра ацәаҳәақәа" ирыхәаԥшит. Зынӡа, 254-ҩык ахәаԥшцәа 10 рбарак рзымҩаԥган.
Аԥсны ашәахтә система хәҭа-хәҭала арҿыцраз ауснагӡа иалацәажәеит аминистрра иашьашәалоу Урыстәыла аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны. Афедералтә шәахтә маҵзуреи "Аҭҵаарадырра-аинновациақәа ралагаларатә центр хадеи" рделегациа усутә ныҟәарыла Аҟәа иҟоуп ҳәа аанацҳауеит ареспублика Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура. Ауснагӡатә иазгәанаҭоит атехникатә ӡбамҭақәеи апрограмматә комплекс ҿыцқәа ралагалареи рыдагьы, иреиӷьу апрактикақәа Аԥсны аекономика аҭахрақәа ирықәшәо аҟаҵара. Ашьапылампыласҩы Никита Симониан изку афильм "Ахьтәы дубль" аԥхьарбара мҩаԥгахоит Аԥсны акинозал ҿыцқәа рҿы. Абри атәы еиҭеиҳәеит акинематографиа аусқәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Аинар Лабахәуа. Никита Симониан – аҟәатәи "Динамо" ааӡамҭа, асовет шьапылампыл алегенда, 1956 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рчемпион, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, 2025 шықәсазы "Урыстәыла Аџьа Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ зхырҵаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраани Гал араион аҿы змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараани иҭахаз рбаҟа аескизтә проект рыдыркылеит. Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуеи аскульптор Цира Ахԥҳаи русумҭа "Игәырҩо ан" аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба хантәаҩра ззиуа амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәараҿы иахәаԥшит. Аилацәажәараан акомиссиа алахәылацәа апроект рыдыркылеит, аескиз аус адуларазы абжьгарақәа ҟарҵеит – абаҟа аҟаҵараан авторцәа урҭ ҳасаб рзыруырц.Ленинград аблокада шьаҭанкыла ахыхра иазкыз RT Documentary афильмқәа дырбара мҩаԥысит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Ажьырныҳәа 21-29 рыҩнуҵҟа аҳҭнықалақь абжьаратә зеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа хәбеи Амилициа иреиҳаӡоу ашколи рҵаҩцәа акиносахьақәа "Асолдаҭ иԥшаара", "Аблокада иҭакыз Ленинград угәаларшәо", "Ленинград: 872 мшы џьаҳаным ", " Зыԥсы ҭоу аибашьра ацәаҳәақәа" ирыхәаԥшит. Зынӡа, 254-ҩык ахәаԥшцәа 10 рбарак рзымҩаԥган.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1d/1060723326_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6ae9cc4a07d63611c43c173d0c1c77e2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио