Аԥсны категориақәак ртәанчахәы иацҵоуп
19:27 29.01.2026 (ирҿыцуп: 21:24 29.01.2026)

© Sputnik
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Аԥсны категориақәак ртәанчахәы иацҵоуп ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
Нанҳәа 2025 шықәса инаркны анаҩстәи акатегориақәа ирыҵаркуа ртәанчахәы иацҵоуп:
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәа, иара убас Афганистантәи аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи — 2500–6500 мааҭ рҟынӡа.
Аветеранцәа, аинвалидцәа, Чернобыльтәи АЕС аҿы иҟалаз амашәырцәгьа аԥыхра ахҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны иҭахаз рҭаацәа — 3000 мааҭ рҟынӡа.
Жьҭаарамза 2025 шықәсазы инаркны ашәатәқәа еизырҳауп:
Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу атәанчаҩцәа — 2000 мааҭ рҟынӡа.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа I, II, III агәыԥқәа змоу, иҭахаз рҭаацәа, иҭахаз аинвалидцәа рҭаацәа, иара убас жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 1994 шықәсанӡа Аԥсны ахьчараҿы хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа — 1000 мааҭ рҟынӡа.
Уи адагьы, ԥхынгәымза 2025 шықәса инаркны 15 нызқьҩык ауааԥсыра ртәанчахәы зықьмааҭ ацҵан
