https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15191
АҩАР амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа рганахь ала
АҩАР амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа рганахь ала
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз амашьына... 29.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-29T23:18+0300
2026-01-29T23:18+0300
2026-01-30T01:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046328028_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1e895ae8661cda00b71ad306cdaa58a9.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз амашьына апассаџьырцәа руаӡәк иганахьала иқәымчра инамаданы.АҩАР апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, ажьырныҳәа 26 рзы автомашьына Мерседес-212 Ешыратәи аушьҭратә ҭыԥ аҿы ААИ аусзуҩцәа рыдҵа иқәымныҟәаӡакәан Аҟәаҟа ахы рханы ицеит. Уи иашьҭалеит АҩАР Ашьаусԥшааратә усбарҭа хада аусзуҩцәа. Амашьына ааныркылеит Гәлиа имҩаду аҿы, урҭ раанкылараан аоператив-ԥшааратә усбарҭа аусзуҩ Мичба апассаџьырцәа руаӡәк ааха ииҭеит.Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут идҵала. Урҭ аихшьаалақәа апрокуратурахь идәықәҵахоит.Мичба агәаҭарақәа цонаҵы имаҵураҭыԥ дамхуп.Уи аԥхьа, Аԥсны Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшратә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа иҳәахьан, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҟәша аусзуҩцәа арԥырцәа рыпҟеит ҳәа асоциалтә ҳақәа ирылаҵәаз ажәабжь мцуп ҳәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20260129/1060728713.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046328028_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_13d93f51bf8f5d10bfaaadc08a34488b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҩАР амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа рганахь ала
23:18 29.01.2026 (ирҿыцуп: 01:17 30.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз амашьына апассаџьырцәа руаӡәк иганахьала иқәымчра инамаданы.
АҩАР апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, ажьырныҳәа 26 рзы автомашьына Мерседес-212 Ешыратәи аушьҭратә ҭыԥ аҿы ААИ аусзуҩцәа рыдҵа иқәымныҟәаӡакәан Аҟәаҟа ахы рханы ицеит. Уи иашьҭалеит АҩАР Ашьаусԥшааратә усбарҭа хада аусзуҩцәа. Амашьына ааныркылеит Гәлиа имҩаду аҿы, урҭ раанкылараан аоператив-ԥшааратә усбарҭа аусзуҩ Мичба апассаџьырцәа руаӡәк ааха ииҭеит.
Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут идҵала. Урҭ аихшьаалақәа апрокуратурахь идәықәҵахоит.
Мичба агәаҭарақәа цонаҵы имаҵураҭыԥ дамхуп.
Уи аԥхьа, Аԥсны Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшратә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа
иҳәахьан, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҟәша аусзуҩцәа арԥырцәа рыпҟеит ҳәа асоциалтә ҳақәа ирылаҵәаз ажәабжь мцуп ҳәа.