https://sputnik-abkhazia.info/20260209/1060921209.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Русҭам Агрба Пицунда ақалақь ахадас дшьақәырӷәӷәоуп. Атәыла ахада абри азы Ақалақьтә еизарахь иҟаиҵаз ааԥхьара даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы... 09.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-09T13:01+0300
2026-02-09T13:01+0300
2026-02-09T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/09/1060921043_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3e22b27fb9713f5b69917c461fa95c0f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Русҭам Агрба Пицунда ақалақь ахадас дшьақәырӷәӷәоуп. Атәыла ахада абри азы Ақалақьтә еизарахь иҟаиҵаз ааԥхьара даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. Адепутатцәа аӡбра еицҿакрыла ирыдыркылеит.Иури Хагәышь Гагра араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп. Араионтә еизара адепутатцәа афициалтә ажәахә дырзаԥхьеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааа ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит абҵара 8 рзы. Урҭ рышьҭахь, азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарра ахада адепутатцәа ирыдигалоит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа шьақәдырӷәӷәаразы акандидатурақәа. Очамчыра, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гал араионқәеи, Афон ҿыци, Аҟәеи рхадацәа шьақәдырӷәӷәахьеит.
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ареспублика амедиа ахаҭарнакцәа еидызкылаз маруга дуны иҟалеит ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аҟны ажурналист Анас Лашәриа. "Ҳара ҳзанааҭтә лшарақәа рышьҭхра адагьы ҳаиднакылоит, апроект ҿыцқәа аԥаҳҵоит", — ҳәа азгәалҭеит лара. Лашәриа иазгәалҭеит афильм "Нарҭаа репос" апроект шаҧҵахаз "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Шьалуа Хизанишвили иганахь ала ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп. Шьашьикәара инхо ауаҩы ахара идырҵоит ашпионажи азакәаншьаҭада абџьари ахеиқәыршәақәеи раахәареи рныҟәгареи рзы ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы дааныркылеит 39 шықәса зхыҵуа Шьалуа Хизинишвили. Азинхьчаҩцәа рдыррақәа рыла, иара амҩақәҵаҩцәа ирзишьҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә архәҭақәа руак авидео ала иҭыхны, уи азын аԥара изыршәон.
Амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан лыԥшәма, арежиссиор Тигран Кеосаиан ихьӡ зху апремиа аԥылҵеит. Ари аҩыза аӡбамҭа лыдылкылеит ааигәа Оренбургтәи Бугуруслан инхо ааӡаҩцәа Лиа Галеевеи Лиудмила Платоновеи рҭоурых ашьҭахь, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы аҳәызба кны ахәыҷқәа иргәыдлаз аманиак иҟынтәи ирыхьчеит. "Тигран ихьӡ зху апремиа аҧысҵоит. Сара хаҭала апремиа рысҭалоит абри ааӡаҩ леиԥш иҟоу ауаа, ииашоу ауаа. Уи сара схала ирысҭалоит", — лҳәеит Симониан. Апремиа миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ас еиԥш иҟоу ажәабжьқәа цәырҵцыԥхьаӡа ирыҭахоит.
Русҭам Агрба Пицунда ақалақь ахадас дшьақәырӷәӷәоуп. Атәыла ахада абри азы Ақалақьтә еизарахь иҟаиҵаз ааԥхьара даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. Адепутатцәа аӡбра еицҿакрыла ирыдыркылеит.Иури Хагәышь Гагра араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп. Араионтә еизара адепутатцәа афициалтә ажәахә дырзаԥхьеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааа ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит абҵара 8 рзы. Урҭ рышьҭахь, азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарра ахада адепутатцәа ирыдигалоит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа шьақәдырӷәӷәаразы акандидатурақәа. Очамчыра, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гал араионқәеи, Афон ҿыци, Аҟәеи рхадацәа шьақәдырӷәӷәахьеит.Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ареспублика амедиа ахаҭарнакцәа еидызкылаз маруга дуны иҟалеит ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аҟны ажурналист Анас Лашәриа. "Ҳара ҳзанааҭтә лшарақәа рышьҭхра адагьы ҳаиднакылоит, апроект ҿыцқәа аԥаҳҵоит", — ҳәа азгәалҭеит лара. Лашәриа иазгәалҭеит афильм "Нарҭаа репос" апроект шаҧҵахаз "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Шьалуа Хизанишвили иганахь ала ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп. Шьашьикәара инхо ауаҩы ахара идырҵоит ашпионажи азакәаншьаҭада абџьари ахеиқәыршәақәеи раахәареи рныҟәгареи рзы ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы дааныркылеит 39 шықәса зхыҵуа Шьалуа Хизинишвили. Азинхьчаҩцәа рдыррақәа рыла, иара амҩақәҵаҩцәа ирзишьҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә архәҭақәа руак авидео ала иҭыхны, уи азын аԥара изыршәон.Амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан лыԥшәма, арежиссиор Тигран Кеосаиан ихьӡ зху апремиа аԥылҵеит. Ари аҩыза аӡбамҭа лыдылкылеит ааигәа Оренбургтәи Бугуруслан инхо ааӡаҩцәа Лиа Галеевеи Лиудмила Платоновеи рҭоурых ашьҭахь, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы аҳәызба кны ахәыҷқәа иргәыдлаз аманиак иҟынтәи ирыхьчеит. "Тигран ихьӡ зху апремиа аҧысҵоит. Сара хаҭала апремиа рысҭалоит абри ааӡаҩ леиԥш иҟоу ауаа, ииашоу ауаа. Уи сара схала ирысҭалоит", — лҳәеит Симониан. Апремиа миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ас еиԥш иҟоу ажәабжьқәа цәырҵцыԥхьаӡа ирыҭахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/09/1060921043_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c0e9c8170f16afb8f5baaa57600dd800.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио