Урыстәыла Аԥсны ашәахтәқәа рнапхгара асистема аиӷьтәраҿы ацхыраара анаҭоит
18:09 09.02.2026 (ирҿыцуп: 18:51 09.02.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 9 — Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ашәахтәқәа рнапхгара асистема аиӷьтәраҿы ацхыраара анаҭоит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә шәахтә маҵзура.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениеи Афедералтә шәахтә маҵзура анаԥхгаҩы Даниил Егорови хәыда-ԥсада атехникатә цхыраара аҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Урыстәыла Аԥсны агәаҭара-кассатә техникала еиқәнаршәоит, иназыцҵоу ашәахтә ахылаԥшразы автоматтә системеи онлаин-кассатә аппаратқәеи рыларҵәареи, еиҭамҵуа амал азы ашәахтәқәҵара аиӷьтәразы аконцепциа аԥҵареи иацхраауеит.