https://sputnik-abkhazia.info/20260216/1061082752.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуатә ныҟәарыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит.Ареспублика ахада Алан Гаглоеви, атәыла АдәАР ахада инапынҵақәа назыгӡо... 16.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-16T13:01+0300
2026-02-16T13:01+0300
2026-02-16T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/10/1061082586_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7467eee93878e872547c37375e0c9e4f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуатә ныҟәарыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит.Ареспублика ахада Алан Гаглоеви, атәыла АдәАР ахада инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви, егьырҭ аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рԥыларақәа азгәаҭоуп.Адәныҟаполитикатә усбарҭа ишаанацҳауа ала, 2026-2027 шықәсқәа рзы Аԥсны АдәАР-и Аахыҵ Уаԥстәыла АдәАР-и рыбжьара аконсультациақәа Рыплан анапаҵаҩхоит.
Иԥсҭазаара далҵит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аԥсуа поет иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭарҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы. Асовет Еидгылеи, Аԥсни, Урыстәылеи Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дралахәылан. 2004 шықәса раахыс алитературатә-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хадас дыҟан. Алитературазы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи, Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы аҳәынҭқарратә премиеи дралауреатуп. Иҭижьхьеит иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи еидызкыло 15 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа.
Гагра аӡымҩангагатә система ҿыц аргылара лаҵарамзазы ихыркәшахоит."Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит акурорттә аамҭа аиаанӡа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ахархәарахь ирыҭахап ҳәа, уи алагьы ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы аԥыххап ҳәа", — иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.Аусурақәа мҩаԥысуеит Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа хацыркын 2025 шықәсазы, урҭ мҩаԥыргоит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа.
Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу абзазаратә црыҵқәа ргәамсамкаԥсарҭа аиагара ргәы иҭоуп Гагра араион аиҳабыра, абри атәы иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.Ари азҵаара макьана иӡбам, аха уи алацәажәарақәа цоит иҳәеит иара арадио Sputnik аҿы.Ҵышәба иажәақәа рыла, аҭыԥ макьана иалхым, аха араион анапхгара ари азҵаара аӡбразы урыстәылатәи рколлегацәа рахь аҳәара ҟарҵеит, урҭ амҩатә хсаала аиқәыршәараҿы ацхыраара ҟарҵарц.
Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵара — аԥснытәи абитуриентцәа рзы зеиԥш ыҟам лшароуп, абри атәы иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.Урыстәыла ахьӡ-аԥша змоу театртә ҵараиурҭоуп, аҭаларагьы даара иуадаҩуп, зықьҩык абитуриентцәа ҭыԥк азы еиндаҭлоит ҳәа азгәеиҭеит иара арадио Sputnik аҟны. РУСДРАМ арзаҳалқәа аднакылоижьҭеи кырҵуеит. 10 ҭыԥк рзы 20-ҩык акандидатцәа алырххьеит, аха атеатр изҭаху зегьы рахь ааԥхьара ҟанаҵоит рымчқәа ԥыршәарц."Шәаҳҭаа, арзаҳалқәа аажәга, абаҩхатәра аҷыц шәыланы иаабар ҳшәыцхраауеит, иахәҭоу амҩа шәықәаҳҵоит", — иҳәеит иара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуатә ныҟәарыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит.Ареспублика ахада Алан Гаглоеви, атәыла АдәАР ахада инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви, егьырҭ аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рԥыларақәа азгәаҭоуп.Адәныҟаполитикатә усбарҭа ишаанацҳауа ала, 2026-2027 шықәсқәа рзы Аԥсны АдәАР-и Аахыҵ Уаԥстәыла АдәАР-и рыбжьара аконсультациақәа Рыплан анапаҵаҩхоит. Иԥсҭазаара далҵит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аԥсуа поет иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭарҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы. Асовет Еидгылеи, Аԥсни, Урыстәылеи Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дралахәылан. 2004 шықәса раахыс алитературатә-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хадас дыҟан. Алитературазы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи, Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы аҳәынҭқарратә премиеи дралауреатуп. Иҭижьхьеит иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи еидызкыло 15 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Гагра аӡымҩангагатә система ҿыц аргылара лаҵарамзазы ихыркәшахоит."Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит акурорттә аамҭа аиаанӡа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ахархәарахь ирыҭахап ҳәа, уи алагьы ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы аԥыххап ҳәа", — иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.Аусурақәа мҩаԥысуеит Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусурақәа хацыркын 2025 шықәсазы, урҭ мҩаԥыргоит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа. Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу абзазаратә црыҵқәа ргәамсамкаԥсарҭа аиагара ргәы иҭоуп Гагра араион аиҳабыра, абри атәы иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.Ари азҵаара макьана иӡбам, аха уи алацәажәарақәа цоит иҳәеит иара арадио Sputnik аҿы.Ҵышәба иажәақәа рыла, аҭыԥ макьана иалхым, аха араион анапхгара ари азҵаара аӡбразы урыстәылатәи рколлегацәа рахь аҳәара ҟарҵеит, урҭ амҩатә хсаала аиқәыршәараҿы ацхыраара ҟарҵарц. Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵара — аԥснытәи абитуриентцәа рзы зеиԥш ыҟам лшароуп, абри атәы иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.Урыстәыла ахьӡ-аԥша змоу театртә ҵараиурҭоуп, аҭаларагьы даара иуадаҩуп, зықьҩык абитуриентцәа ҭыԥк азы еиндаҭлоит ҳәа азгәеиҭеит иара арадио Sputnik аҟны. РУСДРАМ арзаҳалқәа аднакылоижьҭеи кырҵуеит. 10 ҭыԥк рзы 20-ҩык акандидатцәа алырххьеит, аха атеатр изҭаху зегьы рахь ааԥхьара ҟанаҵоит рымчқәа ԥыршәарц."Шәаҳҭаа, арзаҳалқәа аажәга, абаҩхатәра аҷыц шәыланы иаабар ҳшәыцхраауеит, иахәҭоу амҩа шәықәаҳҵоит", — иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/10/1061082586_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_39e94002599aeb2ddbdba8be55ac9832.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио