Аԥсны раионқәак лашарада иаанхоит аҩаша, жәабран 17 рзы
21:57 16.02.2026 (ирҿыцуп: 22:47 16.02.2026)

© Sputnik / Виталий Тимкив
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik. Аԥсны раионқәак лашарада иаанхоит аҩаша, жәабран 17 рзы.
АҲ-110 кВ "Гәымсҭа" аҿы имҩаҧгахо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 07:00 инаркны 08:00 рҟынӡа астанциа маҷқәа "Аҟәа-2", "Афон" рҟынтәи афымца зауа лашарада иаанхоит. Афымцалашара ҟалаӡом Аҟәа ахәҭаки, Афон ҿыци, Гәдоуҭа араион ахәҭаки рҿы.
Иара убас асааҭ 11:00 инаркны 12:00 рҟынӡа алашара дырцәоит Гали Гәылрыԥшьи рраионқәеи Очамчыра ақалақьи рҟны. Афымца аҿыхра аремонттә усурақәа ирыдҳәалоуп ҳәа аанацҳаит Аҧсны аенергетика аминистрра.