97 шықәса раԥхьа Аҟәа иаатит раԥхьаӡатәи апрофессионалтә театртә студиа
18:06 17.02.2026 (ирҿыцуп: 18:37 17.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik. Жәабран 17 1929 шықәсазы Аҟәа иаатит раԥхьаӡатәи апрофессионалтә театртә студиа.
Уи наԥхгара аиҭон арежиссиор, арҵаҩы Васили Домогаров. Аԥсны аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы Кондрат Ӡиӡариеи иареи, аԥсуа қыҭақәа ирылаланы абаҩхатәра змаз аҿар еидыркылеит, анаҩс раԥхьатәи апрофессионалтә актиорцәаны иҟалаз: Аазиз Агрба, Разанбеи Агрба, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Екатерина Шакьырбаи, Анна Аргәын-Коношок, Мҭы Ақаҩба уҳәа.
Абҵара 27 1931 шықәсазы астудиаҿы иқәдыргылеит Самсон Ҷанба ипиеса шьаҭас измоу аспектакль "Кьараз".
Ари ахҭыс Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҭоурых аҿы еиҭакра дуны иҟалеит.