Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи адронқәа 43 ҭадырхеит
09:40 18.02.2026 (ирҿыцуп: 13:02 18.02.2026)

© Sputnik
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа асааҭ 23:00 - 07:00 ирыбжьанакыз аамҭазы украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 43 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
21 — Бриансктәи аобласт аҿы,
6-6 — Белгородтәи аобласти Ҟрыми,
5 — Курсктәи аобласт аҿы,
2-2 — Ростовтәи аобласти Чувашиеи,
1 — Амшын еиқәа инахыкны.
