Аԥсабарахьчаратә прокуратура аҳәынҭқарратә усбарҭақәак русура ԥсыҽуп ҳәа адырра ҟанаҵеит
18:29 18.02.2026 (ирҿыцуп: 21:41 18.02.2026)

© Sputnik / Igor Onuchin
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 — Sputnik. 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рганахь ала ахылаԥшра ԥсыҽны иаанарԥшит Аԥсны Аԥсабарахьчаратә прокуратура ҳәа иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Денис Ҷанба.
Аветеринартә маҵзура иазгәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы нанамыгӡаӡеит, Абнатә нхамҩаз аҳәынҭқарратә усбарҭа абнаԥҟарҭақәа ргәаҭаразы аусура ԥсыҽны имҩаԥнагеит, Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аусура агәаҭараан аинерттә материал аҵхра мҩаԥызго аилахәырақәа рганахь ала аилагарақәа аарԥшын ҳәа иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, араионқәа рҿы акоммуналтә цқьареи акрыфара ацқьареи рызҵаараҿы Асанитар епидемиологиатә маҵзура ахылаԥшра шазымхо — азеиԥшкрыфарҭатә ҭыԥқәа 11 рҿы аилагарақәа аарԥшын.
Уи адагьы, акурорттә аамҭахәҭаан атуристцәа лассы-лассы аԥсабарахьчаратә прокуратурахь иашшуеит иҭакны ирымоу абнатә ԥстәқәа рзы.