Ақыҭа анакәха, абас бзиа иубозароуп, уазышәаҳәалароуп:
Ақыҭа анакәха, абас бзиа иубозароуп, уазышәаҳәалароуп:
"Аимара инхоз ауаа шьха ҳауалеи ӡыхьлеи иааӡан. "Ицламҳәа ҭыԥ ыӡуам", – ҳәа аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, рлакҭақәа ҭыԥхаауа, рыфатә-рыжәтә бзиан, рхы-ргәы цқьан, руаҩреи рыламыси Ерцахә ашьха иаҟаран.
Аимараа ашьабсҭа ашьамхы рыҵоуп ҳәа рҳәалон дара ибзианы издыруаз. Аԥсуараҿы ишаԥу еиԥш, ирҭаауаз асас "уҩныҟа уанбацо" ҳәа иазҵаауамызт. Рчеиџьыка убас идуун, арашь ыԥан изахыԥомызт. Рыпатуқәҵара, ажәҩан шаҟа иҳараку аӡәыр ишәахьазар аҳа шәашьа амамызт. Уа зегьы зларшәоз, излахдыркәшоз, изладырԥшӡоз Аԥсуара акәын. Раԥсуара еиқәнархон даргьы…
Џьапуа Мадлеи ду ихылҵыз, ҳара ҳабшьҭамҭа, абырфын цаха егьырҭ ацахақәа ишрыламҩашьо еиԥш, рхы-рыԥсы мҟьашьӡакәа, алармҩа ианыланы, иахьа уажәраанӡа иааргеит руаҩреи, рыламыси, рхаҵареи. Анцәа иҟынтәи Аимара илбаазшәа, ҳабацәа, ҳабдуцәа, иӡыш-ӡышӡа ианааилагылоз, Ерцахә ашьха иаҩызахон. Иара Ерцахә еиԥш акәын рдоуҳагьы шыҳаракыз. "Ԥшьҟан, уажәа уалгама?" – ҳәа мҳәакәа, Ҭамшьыгә иажәа далагомызт. Рхы аҵкыс пату еиқәырҵон, еихӡыӡаауан, рыжәҩахыр еидын…
Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩ, иаҳҳәап, ақьаад ианысҵаз агәра узымгозар, аамҭак ԥшааны уца Аимара. Унарылаԥш, унарылатәа уа инхо ауаа. Ишоуразар, Дәаб унҭаланы уҽырхьы. Ҟада ашьапы иҵыҵуа Франкьыл иӡыхь* унахәа. Џьапуа Ԥыс дызхыԥоз Дәаб зыбжьысуа ацаҟьақәа унархықәгыл. Билаҟәара Џьапуаа рқәаҵақәа унарыҵал. Аҵла рымахә иазнымкыло аҳарданжьы фҩы хаа унахәа. Аимараа рырахә, рыԥсаса, уаха иангәарло унарылагыл. Рҭыԥҳацәа, ршьапԥынҵа иқәгылан умаҵ зуа, улаԥш хаа нарыхга. Урҭ уара уахь ихьамԥшуашәа ҟарҵоит, аха рылаԥш ҷыц икылыԥшны ишухәаԥшуагьы удыруазааит. Уаӷеимшхара, ухымҩаԥгашьа аԥсуамзар, Аимаратә ҭыԥҳак уара дышуцымцо удыруазааит… Аимараа, рысас ишиԥыло еиԥш дагьынаскьаргоит, даҽазнык аара игәаԥхо. Уи дара жәытәнатә аахыс ршьа иалоуп, рыламыс иацуп".
Рушьни Џьапуа
*Франкьыл Џьапуа — Жәлар рартист Хәыта Џьапуа иаб