Аҽгәара ақыҭан амцакрақәа ақәа иарцәеит
09:58 19.02.2026 (ирҿыцуп: 10:34 19.02.2026)

© Sputnik / Игорь Агеенко
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Аҽгәара ақыҭан амцакрақәа ақәа иарцәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион абылра-аҽацәыхьчаратә гәыԥ аиҳабы Мурман Ԥачулиа.
Амцакра ҟалеит жәабран 18 рзы. Анхарҭатә хыбрақәа рзы ашәарҭара ыҟан, аха аиқәырхаҩцәа ианаамҭаз рнеира иабзоураны амца алаҵәара амаиуӡеит.
Ус шакәызгьы анеира ахьыуадаҩыз аҭыԥқәа рҿы амцакра аанханы иҟан.
Ԥачлиа иажәақәа рыла, абылра амца хәыҵҟьоит ҳәа агәҽанызаара амамзаара иахҟьазар ҟалоит.