Афон ҿыц афымцацәаҳәақәа реидыслара аԥша ӷәӷәа ахьасыз ауп изыхҟьаз
10:11 19.02.2026 (ирҿыцуп: 11:18 19.02.2026)

© Foto / "Черноморэнерго"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Афон ҿыц афымцацәаҳәақәа реидыслара аԥша ӷәӷәа ахьасыз ауп изыхҟьаз, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа.
Уи иахҟьаны ҩ-ҵлак амца ркит.
"Амцакра иахҟьаны амашьынагьы ааха аиуит — амца зкыз аҵла амахә амашьына иақәҳаит. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь инеины амца дырцәеит", — азгәеиҭеит иара.
Кәыҵниа иҳәеит ари ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы ԥырхага шимоуз.
Уи аԥхьа, аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәахьан жәабран 18, 19 рзы Аԥсны амшынԥшаҳәа иахьаҵанакуа аԥшаласра секундк ала 20 метра рҟынӡа инаӡар шалшо.