АҩаАР аусҭҵаара аҟәшақәа русзуҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган
18:43 19.02.2026 (ирҿыцуп: 21:50 19.02.2026)

© Sputnik / Алексей Сухоруков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра заанаҵтәи аусҭҵаара аҟәшақәа русзуҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.
Аилацәажәараҿы иаалырҟьаны агәаҭарақәа шымҩаԥыргаз атәы еиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аусбарҭа ахада Роберт Кьиут. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгахало, иргәалаиршәеит азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рхархәара ахҭысқәа шаадырԥшхьоу.
Аусбарҭаҿы аус зуа ахацәа амедгәаҭарақәа ирхысит Ареспубликатә наркодиспансер аҿы. Иҵоуроу алҵшәақәа здырбало аусзуҩцәа русура иамххоит.
"Ҳара ҳхаҭақәа — азакәан аҿаԥхьа, ҳаламыс аҿаԥхьа, аколлектив зегь рҿаԥхьа ҳшыцқьоу ааҳарԥшлароуп. Уи акырӡа аҵанакуеит. Избанзар еиуеиԥшым ацәгьоурақәа аӡәы ианидаҳҵо, уи азы аморалтә зин шҳамоу агәрагара ҳамазароуп", — иҳәеит Кьиут.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ргәаҭарақәа атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала имҩаԥысуеит. Уи уаанӡа АҩАР, ААИ, Амиграциатә маҵзура русзуҩцәа рыбжьарагьы еиҿыркаахьан. Агәаҭарақәа аҳәынҭқарратә аусбарҭақәа зегьы рҿы рымҩаԥгара азгәаҭоуп.