Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы адронқәа ржәылара иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны 20 реис аанкылоуп.
10:10 20.02.2026 (ирҿыцуп: 10:26 20.02.2026)
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы адронқәа ржәылара иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны 20 реис аанкылоуп.
Амш иалагӡаны аҳаиреилахәыра аихшанҵа шьақәнарӷәӷәоит, зынӡа уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 162 реис азгәаҭоуп, абри атәы аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
Шәачатәи аҳаирбаҕәазаҿы аҳаирпланқәа рыԥырреи ртәареи рзы иаха иалагалаз аамҭалатәи аԥкрақәа ашьыжь иаԥыхын. Уи аамҭа иалагӡаны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Амшын еиқәа аӡымҽхак аҟны украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 28 ҭадырхеит, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны — 17.