00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсуа ҩқәа ирызку амилаҭтә еицлабра "Акаҷыҷ": аҩыҟаҵаҩцәа ирнаҭо азы агәаанагара
13:18
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:31
2 мин
Такие обстоятельства
Игра королей: в Абхазии неделя шахмат
14:33
2 мин
Дополнительное время
Чему научились абхазские теннисисты в Казани? Интервью с трененром сборной
14:36
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа драматә театр Владикавказ иҟан: Хьыбла Мықәԥҳа лыҿцәажәара
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Стратегический вопрос: демография Абхазии и опыт России
18:52
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара депутатс иҟаз Адгәыр Ҳаразиа иус ала аӡбарҭа быжьҩык ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿнахит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апрокуратура Хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Урҭ рахьтә фҩык — Апарламент аппарат аусзуҩцәа, абыжьбатәи — иҭахаз Вахтанг Гәаланӡиа иаҳәшьа."Ауаҩшьра иадҳәалаз ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи рзы ирдыруаз рҳәеит ашаҳаҭцәа. Гәаланӡиа иаҳәшьа аӡбарҭахь аҳәара ҟалҵеит ииашоу, иџьбароу ахьырхәра иақәыршәарц", — иҳәеит Амҷба. Аилатәарахь имнеиӡеит ааха зауз — адепутат Кан Кәарҷиа, иара убас зус рыӡбоз Адгәыр Ҳаразиа.Аӡбаҩцәа рыӡбарала изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥгахоит жәабран 26 асааҭ 12:00 рзы.
Адыгатәылантәи анаплакҩцәа ҩымштәи рбизнес-миссиа мҩаԥысит Аԥсны.Аделегациа иалахәын аххылақәа, акәацлыхқәа, амҿы иалху ашәқәа, ҳаамҭазтәи аҩнымаҭәа ҭзыжьуа афабрикақәа рхаҭарнакцәа.Аҭыԥантәи аџьармыкьеи азакәанԥҵареи рҷыдарақәа ирылацәажәеит Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесовеи дареи. Иара убас аԥснытәи анаплакқәа12 ирҭааит, иазгәарҭеит аилаӡарақәа рыбжьаҵаразы алшара бзиақәа шыҟоу.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра заанаҵтәи аусҭҵаара аҟәшақәа русзуҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган .Аилацәажәараҿы иаалырҟьаны агәаҭарақәа шымҩаԥыргаз атәы еиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аусбарҭа ахада Роберт Кьиут. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгахало, иргәалаиршәеит азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рхархәара ахҭысқәа шаадырԥшхьоу.Аусбарҭаҿы аус зуа ахацәа амедгәаҭарақәа ирхысит Ареспубликатә наркодиспансер аҿы. Иҵоуроу алҵшәақәа здырбало аусзуҩцәа русура иамххоит.
Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа нанҳәа 28-29 рзы, абри атәы иҳәеит апроект автор Александр Шьоуа.Уи иалахәхоит аҩтәылак рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахьӡ — аԥша змоу апремиақәа — "Золотой граммофон", "Песня года" уҳәа рлауреатцәа."Хымԥада, аԥсуа ҿаргьы ҟалоит. Аиҳабыратә абиԥареи дареи реимадара, сценак аҟны реицықәгылара акырӡа аҵанакуеит", — иҳәеит Шьоуа.Акультуратә еиҭныԥсахлара мҩаԥыслоит агастрономиа аусхк аҿгьы — алахәылацәа амилаҭтә аԥсуеи аурыси чысқәа рыла ачеиџьыка дырхиоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0