Бадра Гәынба Аерманцәа рхеидкыла аизара ду аҟны дықәгылеит
14:12 20.02.2026 (ирҿыцуп: 14:39 20.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Аԥсны еснагь иалукаауан акультурақәа рыхкырацәарала, атәылауаа рпатуеиқәҵарала, еинычҳарала иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Ареспубликаҟны инхо ажәларқәа дара дара хеибарҭәаауеит, ари атәыла аизҳазыӷьаразы аицынхареи аусеицуреи рзы зеиӷьаҟам лшароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара, Аерман уаԥшь ареспубликатә еизара ду аҿы дықәгыло.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аилазаара алахәылацәа — арҵаҩцәа, ақыҭауаа, аҵарауаа, амедицинатә усзуҩцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, — атәыла аҿиараҿы рлагала шдуу.
"Ҳауаажәларра рыҩнуҵҟа арҿиара, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҳҵо зегьы — жәашықәсала, шәышықәсала иаанхо атрадициа хьӡырҳәагақәа ишахәҭоу имҩаԥызгаша, ишахәҭоу иныҟәызгаша ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҳтәыла аԥеиԥш иашьақәырӷәӷәагоуп", — иҳәеит иара.