Аԥсны 2025 шықәсазы закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рыҵәахра афактқәа 106 аарԥшуп
16:16 20.02.2026 (ирҿыцуп: 17:15 20.02.2026)

© Sputnik / Илья Питалев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Аԥснытәи азинхьчаҩцәа 2025 шықәсазы закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рыҵәахра афактқәа 106 аадырԥшит.
2024 шықәсазы ас еиԥш аилагарақәа 63 азгәаҭан ҳәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут изеиҭеиҳәеит ашьаусԥшааратә усбарҭа аиҳабы Резо Гәылариа.
Кьиут арбагақәа бзиоуп ҳәа ахиҳәааит, аха аусура шырӷәӷәатәу азгәеиҭеит. Ауааԥсыра рнапаҿы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала иҭҟьоу гәыцәкьаҿ бџьар, уи аиҳарак аицакбџьар иалхны ирҿыцуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иарбанызаалак закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара атәылауааи атуристцәеи ршәарҭадара аҵшәаароуп иаанаго, уи алыршара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит аминистр.