00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсуа ҩқәа ирызку амилаҭтә еицлабра "Акаҷыҷ": аҩыҟаҵаҩцәа ирнаҭо азы агәаанагара
13:18
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:31
2 мин
Такие обстоятельства
14:33
13 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аерманцәа рхеидкыла аизара ду мҩаԥысит иахьа Гәылрыԥшь араион акультура аҩнаҿы.Уи иалахәун аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, араион ахада Саид Ҳаразиа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа, ареспублика ауааԥсыра. Аусмҩаԥгатә аҿы аилазаара хышықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟарҵоит,анаҩсан Аԥсны Аерманцәа руаԥшь ахантәаҩыс деиҭалхын Алик Миносиан
Аԥсны еснагь иалукаауан акультурақәа рыхкырацәарала, атәылауаа рпатуеиқәҵарала, еинычҳарала иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.Ареспубликаҟны инхо ажәларқәа дара дара хеибарҭәаауеит, ари атәыла аизҳазыӷьаразы аицынхареи аусеицуреи рзы зеиӷьаҟам лшароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара, Аерман уаԥшь ареспубликатә еизара ду аҿы дықәгыло.Атәыла ахада иазгәеиҭеит аилазаара алахәылацәа — арҵаҩцәа, ақыҭауаа, аҵарауаа, амедицинатә усзуҩцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, — атәыла аҿиараҿы рлагала
Аԥснытәи азинхьчаҩцәа 2025 шықәсазы закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рыҵәахра афактқәа 106 аадырԥшит.2024 шықәсазы ас еиԥш ала 63 еилагарақәа азгәаҭан ҳәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут изеиҭеиҳәеит ашьаусԥшааратә усбарҭа аиҳабы Резо Гәылариа.Кьиут арбагақәа бзиоуп ҳәа ахиҳәааит, аха аусура шырӷәӷәатәу азгәеиҭеит. Ауааԥсыра рнапаҿы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала иҭҟьоу агәыцәкьаҿ бџьар,иарбанызаалак закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара атәылауааи атуристцәеи ршәарҭадара аҵшәаароуп иаанаго, уи алыршара ҟалом ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара еиҭашьақәдыргылоит иахьа ахәылбыҽха.Амшынеисра ӷәӷәа амҩа 2010-тәи акилометр аҿы ҩ-ҭыԥк ааха рнаҭеит рҳәеит Аԥсныеихамҩа аҿы.Аусурақәа мҩаԥысуеит иацаахыс, ашьыжь шаанӡа аихамҩаусзуҩцәа ацәқәырԥеиҩырссага еихабетонқәа ықәдыргылоит, ацрыҵхаҳә ықәрыԥсоит. Аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит
Гагра ақалақь ахәҭак аҟны аӡы роуит рҳәеит араионтәи "Аӡыршьҭра" аҿы.Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысит амшынеисра иахҟьаны ааха зауз авольтҳарак цәаҳәеи аӡыҭгагатә станциеи рҿы. Ажәытә Гагра ауааԥсыра макьаназ ӡыда иҟоуп. Уа аӡы рыҭара азгәаҭоуп — жәабран 20 ахәылбыҽха, ма жәабран 21 амш актәи азбжазы.
Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси еицырзеиԥшу апроект "Атеатри ахәаԥшцәеи" хацыркуп. Абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит атеатр аиҳабы Хьыбла Мықәԥҳа. Атеатр аиҳабы лажәақәа рыла, апроект аԥшьган Мадина Аргәынԥҳа режиссиорс дызмоу аспектакль "Аҷныш" арбарала. "Ҳтеатр аҟны иҟаӡамызт ахәаԥшцәа арежиссиори актиорцәеи азҵаарақәа рырҭо, аспектакль иалацәажәо, ирбаз шрыдыркылаз еиҭарҳәо, уи аҟнытә аиҿкаара маҷк иаҳцәыуадаҩын, уи азоуп инарҭбаангьы алаҳәара зыҟамыз", — лҳәеит Мықәԥҳа. Ԥышәарак аҳасабала имҩаԥаҳгеит раԥхьатәи ҳаиԥылара ҳәа азгәалҭеит лара.
Ажәабжьқәа зегьы
0