Бадра Гәынба Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа шьақәирӷәӷәеит
18:42 20.02.2026 (ирҿыцуп: 20:38 20.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа шьақәирӷәӷәеит.
Асиа иануп 13-ҩык: Асҭамыр Адлеиба, Коба Гогохиа, Анна Гәниаҧҳа, Алхас Гәыргәлиа, Абесалом Кәарҷиа, Гульнара Кьычҧҳа, Фрида Лазҧҳа, Оҭар Ломиа, Александр Страничкин, Баҭал Табаӷәуа, Низам Ҳапат, Мелик Хачариан, Руслан Ҳашыг.
Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык атәыла ахада ишьақәирӷәӷәоит, 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи ӡырыргоит, даҽа 11— аиустициа аминистрраҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәеи, ауаажәларра-политикатә еилакқәеи, ауаажәларратә хеидкылақәеи рхаҭарнакцәа.